АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Абҵара.2022

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ МИХАИЛ МИШУСТИН ЖӘЛАР РАКЗААРА АМШНЫҲӘА ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустин жәлар ракзаара Амшныҳәа идиныҳәалеит.  

«Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа, жәлар ракзаара Амшныҳәа- иҵаулоу аҭоурыхтә шьаҭа змоу Урыстәыла аҳәынҭқарратә ныҳәа инамаданы гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалақәа шәыдышәкыл.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ змоу ахҭысқәа, иааизакны жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа ашәышықәсақәа раԥхьа еиԥш иахьагьы аитәылауаа ракзаара, Аԥсадгьыл асуверенитет ахьчара азхиара  шаҟа аҵак ду амоу зеиӷьаҟам ала иаҳнарбоит.

Урыстәыла аиашьаратә жәлар ари хадара злоу аныҳәа иацу агәырӷьара рыцеиҩшо, дырҩегьых иазгәасҭарц сҭахуп ҳажәларқәа ирыбжьоу аиҩызаратәии аидгыларатәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара Аԥсны Анапхгара ихадоу ахықәкқәа ишреиуоу. Ҳара аринахысгьы арҭ аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа ганрацәалатәи рыҿиара азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Алеқсандр Анқәаб Михаил Мишустин инаигӡо аҭакзыԥхықәра зцу амаҵзура аҿы аихьӡара дуқәеи аманшәалареи, Урыстәыла атәылауаа зегьы аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит.

 


Read 293 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.