АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Абҵара.2022

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АԤСНЫ АНАУКАҚӘА РАКАДЕМИА АПРЕЗИДЕНТ ЗУРАБ ЏЬАПУА АНАУКАҚӘА РАКАДЕМИА 25-ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуеи уи иколлегацәа-аҵарауааи Анаукақәа Ракадемиа 25-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

«Ԥхынҷкәынмза, 1993 шықәсазы, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анынҵәа ашьҭахь ҩымз заҵәык ааҵуаны еиԥш, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа  Арӡынба иаԥшьгарала «Ареспублика Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аԥҵара азы» Ақәҵара рыдыркылеит. 

Ари аӡбамҭа акыр асимволтә ҵакы аҵоуп, уи анаука адгылара аҭара иаҵоу аҵакы ахадара арҵабыргуеит. Абри аҭагылазаашьа шьаҭас иҟаҵаны ас еиԥш аԥшьгара ҟаиҵеит аибашьра акыр иҵзыршәшәаахьаз ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы.

1997 шықәсазы аҵак ду змаз аӡбамҭақәа  рыдыркылеит, урҭ рыла ишьаҭаркхеит Академиа аԥҵара, уи ашьақәгылара, ԥхьаҟатәи аперспективақәа ралкаара. 

Аԥсны анаукатә хәыцра аҭоурых ду амоуп. Уи цәырҵхьан XIX – XX ашәышықәсақәа рзы аус зуаз иналукааша аҵарауаа, иахьа гәадурала иаҳгәалашәо анаука аусзуҩцәа ирыбзоураны: С.Т. Ажәанба, К.Д. Маҷавариани, Н.С. Џьанашьиа, А.И. Чукбар, П.К. Услар, И.А. Бартоломеи, Н.Иа. Марр, Н.М. Альбов, А.Н. Краснов, А.Н. Введенски, Н.Н. Смецкои, С.П. Басариа, Д.И. Гәлиа, А.М. Ҷоҷуа, В.И. Стражев, А.А. Колаковски.

Аҭоурых, аԥсуаҭҵаара, ажәлар рматериалтәии рдоуҳатәии акультура аганахьала анаукатә традициақәа рыҿиара аҿы ахә ашьара уадаҩуп Г.А.Ӡиӡариа, Ш.Д. Инал-Иԥа, З.В. Анчабаӡе, К.С. Шьаҟрыл, Х.С. Бӷажәба, Л.Н. Соловиов, М.М. Траԥшь, В.Г. Арӡынба, Иу.Н. Воронов, Г.К. Шамба, М.М. Гәынба. Л.П. Ҷкадуа, Г.Г. Аиба реиԥш иҟоу иналукааша анаукатә усзуҩцәа иаанрыжьыз рҭынха.  

Арҭ ахьӡқәа ҳаамҭазтәи аҭҵааҩцәа рабиԥара ишьақәгылахьоу атрадициақәа иҷыдоу аҭакԥхықәрала рызнеиреи анаукатә интерессқәа рҳәаақәа рырҭбаара аганахьала аусуреи рзы ахыдҵа рыднаҵоит»,-ҳәа иазгәҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Аԥыза-министр анаука усзуҩцәа зегьы аихьӡара ҿыцқәеи аизҳазыӷьареи аманшәалареи рзеиӷьаишьеит.


Read 228 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.