АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Абҵара.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИМҨАԤГОУ АУСУРА ИНАМАДАНЫ АԤСНЫ ЖӘЛАР РҾАԤХЬА АҲАСАБЫРБА ҞАИҴОИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥгоу аусура инамаданы Аԥсны жәлар рҿаԥхьа аҳасабырба ҟаиҵоит

Абыргцәа рхеидкыла Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥиго аполитикатә хырхарҭа иадгылоит. Абҵарамза 3 рзы имҩаԥысыз аҳәынҭқарра Ахадеи Абыргцәа рхеилаки реиԥылараҟны ауаажәларратә ҵакы змаз азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Ргәаанагарақәа еибырҳәеит аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра, амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы ахарадҵаратә уснагӡатәқәа рырӷәӷәара, зқьышықәсала еиқәырханы иаарго аҵас бзиақәа шьаҭас иаҭаны абиԥарақәа рааӡара аус уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәа рзы.

Иқәыргылаз азҵаарақәа рыҩныҵҟа иҟан Абыргцәа рхеидкыла Ахантәаҩы Аполлон Думаа изҵаара Ахада иалхрақәа рыламҭалазы имҩаԥиго аусуразы ажәлар рҿаԥхьа аҳасабырба шыҟаиҵало азы ириҭаз ажәа иадҳәалан. Ахада аҭак ҟаҵо, иҳәеит хара имгакәа Аԥсны жәлар рҿаԥхьа аҳасабырба ҟаиҵараны дшыҟоу.

 


Read 249 times - Амҽыша, 06 Абҵара 2022 20:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.