АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Абҵара.2022

АУААЖӘЛАРРАТӘ АВИАЦИА АГАНАХЬАЛА 2023/24 АҴАРАШЫҚӘСҚӘА РЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АҴАРАИУРҬАҚӘА РҾЫ АҴАРАЗЫ 32 КВОТА АԤСНЫ ИАЗОУЖЬУП.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, «Аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи рҵарадырра азы аквотақәа рышьақәыргылара азы» ԥхынҷкәынмза 18, 2020 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара Ақәҵара № 2150  анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика Аминистрра урыстәылатәи аган ахь иҟанаҵаз аҳәынҭқарратә ҿаҵеи инамаданы, Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнкра ала ауаажәларратә авиациа аганахьала Урыстәылатәи Афедерациа Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы 2023/24 шш. аҵаразы 32 квота азоунажьит.

2023/24шш. аквотатә кампаниа алахәхара азы аҵаразы акандидатцәа апортал  educacion-in-russia.com аҿы ашәҟәҭагалара иахысыр ахәҭоуп, уи аамҭа кьаҿ иалагӡаны иаатуеит.

Еиҳа инарҭбаау аинформациа азы адҵаалара ҟалоит абри аҭыӡҭыԥ ала иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра: Аҟәа ақалақь, Аинрал Дбар имҩа, аҩны № 3, аофис № 326.; аҭел.:+7 840 223 33 53, +7 940 09 90; аел. пошьҭа: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees., Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees. ).

Актуалра злоу аинформациа зегьы уоур алшоит: https://instagram.com/abh.ros?igshid=YmMyMTA2M2Y=

Аҵараиурҭақәеи ахырхарҭақәеи:

Ауаажәларратә авиациа азы Московатәи аҳәынҭқарратә техникатә университет:

03.01 Аинформатикеи аԥхьаӡагатә техникеи. 03.01   Атранспорттә прцессқәа ртеехнологиа.

03.03  Аҳаирныҟәара.

05.03 Атранспорттә радиоеиқәыршәагақәа ртехникатә експлуатациа.

Ауаажәларратә авиациа азы Московатәи аҳәынҭқарратә техникатә университет Ростовтәи аҿга:

05.03 Атранспорттә радиоеиқәыршәагақәа ртехникатә експлуатациа.

0202 Аԥрыгатә аппаратқәа абылтәы-хьшьтәы маҭәахәқәа рыла реибыҭара.

Троицктәи авиациатә техникатә коллеџь – Ауаажәларратә авиациа азы Московатәи аҳәынҭқарратә техникатә Университет аҿга:

02.03 автомашьынатә транспорт атехникатә маҵзуреи аиҭашьақәыргылареи.

02.01 Аекономикеи аҳасабеилыргаратә ҳасаббареи. Иреиҳаӡоу аҵарадырра азы Афедералтә ҳәынҭқарратә биуџьеттә ҵарадырратә усбарҭа Ауаажәларратә авиациа азы «Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә Университет:

03.01 Атранспорттә процессқәа ртехнологиа.

03.03 Аҳаирныҟәара.

03.04 Аҳаирбаӷәазақәа рексплуатациеи аҳаирпланқәа рныҟәара ахылаԥшра аҭареи.  

03.01 Аекономика.

03.01 Азиндырра.

Иреиҳаӡоу аҵарадырра азы Афедералтә ҳәынҭқарратә биуџьеттә ҵарадырратә усбарҭа «Авициа амаршал Хада Б. П. Бугаев ихьӡ зху ауаажәларратә авиациа азы Улиановтәи Аинститут»:

03.03   Аҳаирныҟәара.

04.03  Аҳаирныҟәара.

02.04 Аԥрыгатә аппаратқәа рыԥырратә експлуатациа. Летная эксплуатация летательных аппаратов.       

 

 


Read 312 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.