АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 12:30

«Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳастратегиатә еизыҟазаашьақәа рыҿиара Аԥсны аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәа ируакуп», — иҳәеит адәныҟатәи аполитика азҵаарақәа рзы аилацәажәараҿы Бадра Гәынба

Аҳәынҭқарра ахада ҷыдала инаҵшьны иазгәеиҭеит 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵаразы Урыстәылатәи Афедерациа иаднакылаз аӡбамҭа аҭоурыхтә ҵакы шамоу.
«Ари ҳҳәынҭқарра иҿыцӡоу аҭоурых аҿы ихадоу хҭысны иҟалеит, аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рыҿиара шьаҭас иаиуит. Анаҩстәи ашықәсқәа рзы еиҿкаан инарҭбаау аиқәшаҳаҭра-зинтә шьаҭа. Иахьа уи анагӡареи ҩ-ганктәи аусеицура аринахысгьы аҿиареи алыршатәуп», - ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.
 
️️ Аилацәажәара аихшьаалақәа ҟаҵо, Аҳәынҭқарра ахада адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа аиҭеит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни рстратегиатә усеицура арӷәӷәареи, аԥыжәара змоу ахырхарҭақәа рыла аинырра арҭбаареи, Аԥсны аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа ирықәшәо аԥшьгара ҿыцқәа раларҵәареи рзы аусура дырӷәӷәарц.

Read 25 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.