АЖӘАБЖЬҚӘА
сегодня 11:30
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аԥсуа диаспореи Аԥсни иҷыдоу аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара аҵак ду шамоу
Атәыла ахада адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапынҵа аиҭеит аԥсуа диаспореи Аԥсни реинырра аҿиаразы аусура дырӷәӷәарц. Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит зыӡбахә ҳәоу Ҭырқәтәыла иҟоу адиаспора адагьы Шьамтәыла, Иорданиа уҳәа Мрагылара Ааигәа аҳәынҭқаррақәа рҿы инхо ҳџьынџьуаа шракәу, уаҟа аԥсуа рхаҭарнакцәа рацәаҩуп, аҳаҭыр рымоуп.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит иҟоу алшарақәа ахархәара шрыҭатәу ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәаразы, Аԥсни ҳареи ҳаимадара арҭбааразы. Ус еиԥш иҟоу амыругақәа ируакуп ҳәа ахиҳәааит Аҳәынҭқарра ҩышықәса инеиԥынкыланы имҩаԥырго, аԥсуа диаспора рхәыҷқәа лассы-лассы Аԥсны раҭаара, рықәлацәа рыҿцәажәара, ареспублика аԥсҭазаара аилкаара алзыршо жәларбжьаратәи ахәыҷтәы лагер.
Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥхьаҟа жәларбжьаратәи алагер аусура рхы аладырхәлароуп Аԥсны инхо ахәыҷқәагьы ҳәа. Иара иажәақәа рыла, аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи ареспубликаҿы инхо ахәыҷқәеи реицалахәра абиԥара ҿа еиҳа иааигәаны реицәажәара, аиҩызареи аиашьаратә еимадарақәеи рырӷәӷәара алнаршоит, рҭоурыхтә ԥсадгьыл акзаареи алахәхареи еиҳа иааигәаны ирныруеит.






