АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 13:18

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба ареспублика адәныҟатәи аполитика азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит

Аилацәажәара аусура рхы аладырхәит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, Аиҳабыра, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.
Аилацәажәара аартуа, Аҳәынҭқарра Ахада ишьақәгыло жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа ҳасаб азуны адәныҟаполитикатә хырхарҭала аусура арцыхцыхра аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.
 
«Жәларбжьаратәи аполитика ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы ҷыдала акоординациеи, аҽазышәарақәеи, азҿлымҳареи аҭахуп. Ҳара жәларбжьаратәи аиҭакрақәа зегьы рықәҿаҳҭлароуп», - иҳәеит Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны адәныҟатәи аполитика стратегиатә хықәкны ишаанхо ареспублика жәларбжьаратәи азхаҵара арҭбаара.
 
Адәныҟатәи аполитикаҿы ԥыжәара зҭатәу дрылацәажәо Бадра Гәынба иазгәеиҭеит хырхарҭа хаданы ишаанхо Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни реиҩызареи реидгыларатә еизыҟазаашьақәеи рырӷәӷәара.
Аҳәынҭқарра ахада Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵареи ареспублика адгылареи рзы Урыстәылатәи анапхгара иҟарҵо ашьаҿақәа аҭоурыхтә ӡбара аҵак ҷыда шамоу инаҵшьны иазгәеиҭеит. Иара иҳәеит аусеицура ашықәсқәа ирылагӡаны ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ишалнаршо аҩ-тәылак рыбжьара шамахамзар ихадоу ахырхарҭақәа зегьы рыла аинырра арҿиара.
 
Атәыла ахада иара убасгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхазҵаз аҳәынҭқаррақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рыҿиареи атәыла жәларбжьаратәи азхаҵара арҭбааразы аусуреи шхымԥадатәиу.
Бадра Гәынба иажәақәа рыла, Африка, Латинтәи Америка, Азиа уҳәа арегионқәа ртәылақәеи ҳареи ҳаимадарақәа еихаҳалатәуп, иҟоу аимадарақәа рӷәӷәалатәуп, Аԥсны адәныҟаполитикатә интересқәа раларҵәаразы алшара ҿыцқәа ахархәара рыҭалатәуп.
 
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц уаанӡа атәыла ахада адәныҟаполитикатә хырхарҭала ииҭахьаз анапынҵақәа шынаигӡоз азы адырра ҟаиҵеит.
Аминистр иажәахә Урыстәылатәи ахырхарҭала даналага иазгәеиҭеит аусбарҭа адәныҟаполитикатә усуразы уи аҵак хада шамоу.
 
Иара иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрреи егьырҭ апрофильтә усбарҭақәеи аус рыцура иааиԥмырҟьаӡакәа ишымҩаԥысуа. 2025-2026 шықәсқәа рзы имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥыларақәа ҩба, урҭ раан ирылацәажәан ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа жәпакы.
 
Агәцаракра змаз азҵаарақәа иреиуоуп Аԥсны атәылауаа рзы асоциалтә шәарақәа, аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аусура, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан аушьҭратә лшара аизырҳара, иара убас Аԥсны атәылауаа Урыстәыла рыҟазаара аҿҳәара шықәсык ахь 90 мшы инаркны 180 мшы рҟынӡа аизырҳара.
Хазы ахшыҩзышьҭра аҭоуп Аԥсны атәылауаа аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рыла аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра азҵаарақәа. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Урыстәылатәи апрофильтә усбарҭақәеи рыбжьара аус зуа аиқәшаҳаҭрақәа рзы иахәҭоу амаҵзурақәа адырра рыҭаразы аусура иацырҵоит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра зырҭоу азҵаарақәа рхыԥхьаӡараҿы Олег Барцыц иаликааит Аԥсны иатәылауаау, аамҭакала Урыстәылатәи атәылауаҩра змоу аԥсуа студентцәа арра ахыстразы рҭагылазаашьа.
Олег Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра апрофильтә департаментқәа имҩаԥырго аконсультациақәа аҵак ду шрымоу.

Read 32 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.