АЖӘАБЖЬҚӘА
сегодня 18:12
«Хықәкла ахархәара змоуз аԥарақәа ырхынҳәтәуп»
Аԥсны ахада Бадра Гәынба ақыҭа ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы аилацәажәараҿы агәынамӡара ааирԥшит ҵыԥх анаплак маҷи абжьаратә наплакреи рыдгыларазы апрограмма шынагӡаз азы.
Аҳәынҭқарра ахада игәалаиршәеит азинхьчаратә усбарҭақәа адҵақәа шрырҭахьоу апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иазоужьу аԥарақәа рхархәара агәаҭаразы. Убри аан аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа аҵыхәтәанынӡа ишнагахо.
«Арҭ аԥарақәа биуџьеттә ԥарақәоуп, ари апрограмма анагӡара иалахәыз зегьы урҭ аԥарақәа рхы ишадырхәоз азы аҳасабырба ҟарҵароуп», — иҳәеит Бадра Гәынба.
Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит абиуџьеттә ԥарақәа ахархәара шрыҭатәу — анаплакра аҿиара, аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵара, ашәахтә база арҭбаара, атәылауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аизырҳара рзы.
«Ҳәарада, урҭ ҳара ҳтәылауаа роуп, урҭ ҳара иаҳзааигәоу роуп, урҭ ҳара иаҳҩызцәоуп. Сара уи еилкааны сазнеиуеит, хықәкла ахархәара змоуз аԥарақәа ырхынҳәтәуп», — ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.
Бадра Гәынба апрограмма алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭагылазаашьа ҭакԥхықәрала иазнеирц, инаҵшьны иазгәеиҭеит хықәкыла ахархәара змам аԥарақәа хатәгәаԥхарала рырхынҳәразы алшара макьана ишаанхо.
«Азинхьчаратә усбарҭақәа иалкаау ашьаҿақәа ҟарҵаанӡа аамҭа ыҟоуп, — иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.






