АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Абҵара.2022

АԤСНЫ ЖӘЛА РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ БЕЛОРУСИЕИ УРЫСТӘЫЛЕИ РЕИДГЫЛА АПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЗАРА АҾАРТӘ ПОЛИТИКЕИ АСПОРТИ АТУРИЗМИ РЗЫ АПАРЛАМЕНТӘ ЕИЗАРА АКОМИССИА АЛАХӘЫЛАЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны усуратә визитла иаҭааз Беларусиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара аделегациа даԥылеит.

Беларусиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара хаҭарнакра азыруан: Аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы Апарламенттә Еизара Акомиссиа ахантәаҩы Артиом Туров, Акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Клишевич, апарламенттә Комиссиа алахәцәа Дмитри Басков, Ольга Петрашова, Антон Ткачиов, Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара Аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Стрельченко, Аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩцәа Вадим Иванеци Дмитри Гоборов, Апарламенттә Еизара Амаӡаныҟәгарҭа аусбарҭақәа реиҳабацәа Дмитри Гриазнови Андреии Шахорскии, иара убас амаӡныҟәгарҭа аусзуҩцәа Виачеслав Русецкии Антон Белокопытови.

Аиԥылара иара убас иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиани Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аппарат Анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.

Асацәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Апарламент Аиҳабы иаҵшьны иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны раҧхьаӡакәны ишымҩаԥысуа VII – тәи ааԥхьара адепутатцәеи Урыстәылатәи Афедерациеи Беларус Ареспубликеи рыҟнытә аколлегацәеи злахәу аиԥылара.

«Ари хҭыс бзиоуп. Аиԥылара лыҵшәа аманы ишымҩаҧысуа агәра ганы сыҟоуп. Ҳара ҳрылацәажәараны ҳаҟоуп ҳазегьы ҳзы акрызҵазкуа азҵаарақәа, иара убас ҳпарламенттә еизыҟазаашьақәа ртәы», – ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.

Аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы Апарламенттә Еизара Акомиссиа ахантәаҩы Артиом Туров аделегациа алахәцәа рыхьӡала аҧсуа дгьыл аҟны аусеицуразы ироуз алшаразы иҭабуп ахиҳәааит. Уи далацәажәеит напхгара зиҭо Акомиссиа аусура ахырхарҭақәеи аусура азҧхьагәаҭақәеи ртәы, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны уи азы иҟоу алшара дуқәа азгәаҭаны.

Акыр шықәса раахыс Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аус ацызуа Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара Аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Стрельченко ишьақәгылаз апарламенттә еизыҟазаашьақәа бзиоуп азиҳәеит, иаҵышьынгьы иҳәеит ааигәа Беларус Ареспублика Ахада Александр Лукашенко Аҧсны Аҳәынҭқарра иаҭаара урҭ аԥхьаҟа рыҿиара ишацхраауа атәы.


Read 293 times - Амҽыша, 06 Абҵара 2022 17:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.