АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Абҵара.2022

ПИЦУНДАТӘИ АОРӶАН 47 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Пицундатәи аорӷан 47-шықәса ахыҵит. 47- шықәса раԥхьа, абҵарамза 1, 1975 шықәса рзы Аԥсны акультуратәи амузыкатәи аԥсҭазаара аҿы аҭоурыхтә хҭыс ду ҟалеит – Пицунда ақалақь аҿы зқьы шықәса зхыҵуаз аныхабаа аҿы аорӷан шьақәыргылахеит. Аорӷан аҟаҵареи ашьақәыргылареи ирыдҳәалоу аусурақәа нанагӡон   Аилазаара «Алеқсандр Шуке»- иарбоу амузыкатә инструментқәа рҭыжьразы  Германиа иреиӷьу афирмақәа иреиуоу.   47-шықәса раԥхьа адунеи амузыкатә хсаала аҿы аорӷан ахьышьақәыргылоу иҿыцу даҽа концерттә залк цәырҵит. Абар шьҭа ажәашықәсақәа инеиԥынкыланы ари зеиӷьаҟам, ҳреспублика иагәадуроу аинструмент аҭыԥангьы амузыка абзиабаҩцәа реиԥш, хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны иаҭаахо асасцәагьы ргәалаҟазаара шьҭнахуеит.

Ари ижәытәӡатәиу аԥснытәи аныхабаа аҿы  ишьақәыргылоу, зеиԥшыҟам акустика змоу амузыкатә инструментқәа раҳ иахылҵуа ауникалтә бжьы ахьӡ-аԥша ҳтәыла анҭыҵ инаҩхьеит. Аԥсны еиԥш Пицундатәи аорӷангьы акыр ауадаҩрақәа ирхысит, акырынтә «аԥсра иацәынхахьаз»,  аха уеизгьы, иааиԥмырҟьаӡакәа  гәцакарала иаиуо ахшыҩзышьҭреи, иуадаҩу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгареи ирыбзоураны, иахьа уажәраанӡагьы ари аныхабаа ианыҩуеит  утәызтәуа, иршанхагоу уи абжьы.  

Адунеи зегьы зымҽханакыз ашәарҭара ду – апандемиа  Пицундатәи аконцерттә зал анырра ӷәӷәа анаҭеит, аԥхынтәи аконцерттә аамҭахәҭа иадҳәалаз азԥхьагәаҭарақәа реиҳарак рҽеиҭаркит. Иаԥырымхар ада ԥсыхәа ҟамлеит цәыббрамзазы иазԥхьагәаҭаз, шьҭа традициала ишьақәгылахьоу, апублика акыр бзиабарала ирыдыркыло Жәларбжьаратәи афестиваль «Пицунда ақалақь аҿы имҩаԥысуа аорӷантә хәылԥазқәа». Афестиваль алахәылацәаны иҟан аԥснытәи аорӷанрҳәаҩцәа реиԥш, адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҟынтәи аорӷантә музыка азҟазацәа.  Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз афестивальқәа быжьба аклассикатә музыка ианыҳәаны  иҟалон, жәҳәарада, иааиуа ашықәс азы, иҟаз аиԥҟьара ашьҭахь, афестиваль ҩаԥхьа Пицундатәи аныхабаа аҿы аоӷантә музыка еицырдыруа анагӡаҩцәеи абзиабаҩцәеи еиднакылоит. 

Пицундатәи аорӷан акыр шықәса анҵыреи, лассы-лассы хыԥхьаӡара рацәала аконцертқәа рымҩаԥысреи, зеиӷьаҟам амузыкантцәа радыԥхьалареи азеиӷьаҳшьар ҳҭахуп.

Игәыҟаҵагоу, ухызхуа, доуҳала уҳаразкуа абыжьқәа ишаноу  рдунеи уагәылазхало аорӷан шеишықәса ауаа ргәалаҟазаара шьҭнахлааит.

 


Read 266 times - Амҽыша, 06 Абҵара 2022 17:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.