АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Абҵара.2022

ИМҨАԤЫСИТ АԤСНИ ҞРЫМИ РНАПХГАРАБЖЬАРАТӘИ АКОМИССИА АԤСУА ГАН АИЛАТӘАРА.

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Аԥсны аминистрцәа Реилазаареи Ареспублиа Ҟрым (Урыстәылатәи Афедерациа) аминистрцәа  Рхеилаки рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, агуманитартә усеицура азы Анапхгарабжьаратәи акомиссиа аԥсуа ган аилатәара мҩаԥигеит. 

Аиԥылара иалахәыз Аҟәа ақалақь аҿы, Анапхгарабжьаратәи акомиссиа ахԥатәи аилатәара аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа рыплан анагӡара амҩаԥысшьа иалацәажәеит.

Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит излаанацҳауа ала, «Акомиссиа аԥсуа ган ахантәаҩы Беслан Џьопуа аусмҩаԥгатәқәа реицынагӡара азы хазы игоу ахылаԥшырҭақәа рҳасабырбарақәа дырзыӡырҩит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иҿаԥхьа аҳасабырбарақәа ҟарҵеит жәаба инарзынаԥшуа ахырхарҭақәа рыла аумҩаԥгатәқәа рынагӡара азы: ахәаахәҭра-економикатә усеицура, ақыҭанхамҩа, ааглыхра, атуризм, атранспортә еиқәыршәара, аргылара, архитектура, аҵарадырра, анаука, абҩарҵәыреи аспорти, акультуреи акультуратә ҭынхеи русхкы, ауаажәларратә еимадареи аҿартә политикеи.

Аиԥылара хазы игоу теманы иҟалеит имҩаԥысраны иҟоу Анапхгарабжьаратәи акомиссиа аилатәара амшхәаԥштә.

IV аԥсны-ҟрымтә анапхгарабжьаратәи акомиссиа аилатәара мҩаԥысуеит абҵарамза 9-10,  2022 шықәса рзы Симферополь ақалақь аҿы.


Read 281 times - Амҽыша, 06 Абҵара 2022 17:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.