Апроект анапхгаҩы Михаил Қриа инаҵшьны иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа ишаанарԥшуа иуникалтәу автортә дунеихәаԥшышьақәа хԥа, урҭ еидкылоуп шықәсырацәалатәи аиҩызареи асахьаҭыхыҩцәа рзанааҭтә диалог ӷәӷәеи рыла.
Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны апроект «Хаб Алашарбага» аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭашьақәыргылоу «Ахылаԥшҩы иҩны» еиҳа-еиҳа ишьақәнарӷәӷәоит зыԥсы ҭоу, иаарту ақалақьтә ҭыԥ астатус аиуеит, уаҟа ахәаԥшцәа ишиашоу авторцәа ирыҿцәажәар, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҟазара еилыркаар рылшоит.
Аекспозициа аҭааразы иаартуп нанҳәамза 22-нӡа.
Афото-Sputnik Аԥсны






