АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 11:58

Бадра Гәынба С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр 95-тәи атеатртә сезон ахыркәшара иазкыз ахәылԥаз даҭааит

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы иазгәаҭан:

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аколлектив! Гәахәара дула ишәыдысныҳәалоит 95-тәи атеатртә сезон қәҿиарала аркра. 

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ҳаԥсуа милаҭтә культура аиқәырхара, аӡыргара иазку акультуратә хәышҭаара хадақәа ируакуп. Абар, уажәшьҭа шәышықәса инарзынаԥшуа Аԥсуа театр аҟазарала хьӡи-ԥшеи аманы иааиуеит. Ари Аԥсны иҟоу   атеатрқәа рҟынтәи, иахьа аус зуа ижәытәӡатәиу театруп. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы асценаҿы баҩхатәрала, рҟазарала ахәаԥшцәа хырхуан актиорцәа дуқәа. Абри атрадициа иацҵо иаажәгоит иахьа. Иаҳбоит Аԥсуа театр аусура шарҿыцыз, ақәыргыламҭа ҿыцқәа шымҩаԥыжәго.  

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит! 

Ҽааныбзиала шәнеиааит!»

 


Read 26 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.