АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 9:42

Бадра Гәынба Игор Ахба иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшылара ҟаиҵеит

 

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәыла иҟоу Аԥсны раԥхьатәи Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

 

«Гәалсра дула исыдыскылеит Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ, ҳтәыла аинтересқәа рыхьчараҿы злагала дууз ауаҩы Игор Мураҭ-иԥа Ахба иԥсҭазаара дшалҵыз ансаҳа.

Ҳҭоурых аҿы зегь реиҳа ихьанҭаз аамҭақәа руак азы, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан, Игорь Ахба Москва иҟоу Аԥсны Азинмчы змоу ахаҭарнакра дахагылеит. Иара иусура аҵак ду аман: ахаҭарнакра аинформациатә усуразы ихадоу центрны иҟалеит, Аԥсны акәша-мыкәша иҟаз аинформациатә блокада аиааира иацхраауан, агуманитартә цхыраара еиҿнакаауан, Урыстәыла ауаажәларратәи аполитикатәи еилазаарақәеи, амассатә информациа ахархәагақәеи аус рыцнауан, ҳџьынџьуаа адгылара рнаҭон.

Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара ашьҭахь 2008 шықәсазы Азинмчы змоу ахаҭарнакра ашьаҭала иаԥҵан Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа. Игор Ахба раԥхьатәи цҳаражәҳәаҩыс дҟалеит.

Уи ипрофессионализми, Аԥсны гәык-ԥсыкала азыҟазаареи, ҳтәылазы ихадоу ахырхарҭала шықәсырацәалатәи иусуреи наунагӡа аԥсуа дипломатиа аҭоурыхи ҳажәлар ргәалашәареи рҿы иаанхоит.

Срыдышшылоит Игор Мураҭ-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи, иколлегацәеи, уи иаԥсоу ауаҩы дыздыруаз, пату иқәызҵоз зегьи.

Игор Мураҭ-иԥа Ахба игәалашәара лаша наӡаӡа иҳацзаауеи».

 

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба идҵала иаԥҵоуп Игор Ахба иԥсыжра аиҿкааразы Аҳәынҭқарратә комиссиа, уи дахагылеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.


Read 109 times - Ахаша, 19 Нанҳәа 2026 17:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.