«Гәалсра дула исыдыскылеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Алықьса Еқәыԥ-иԥа Лашәриа иԥсҭазаара иалҵра.
Алықьса Еқәыԥ-иԥа аԥсҭазаара ду, аԥсҭазаара бзиа ниҵит. Арратә мҩа хьанҭа данысит, Берлинынӡа днаӡеит, Аиааира Ду аҿы ишьҭа аанижьит.
Алықьса Еқәыԥ-иԥеи аиааира згаз рабиԥара зегьи рфырхаҵара наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит. Урҭ ргәымшәареи, рхачҳареи, Рыԥсадгьыл гәык-ԥсыкала азыҟазаареи ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы иҿырԥшыгоуп.
Алықьса Еқәыԥ-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи гәык-ԥсыкала срыдышшылоит».
АЖӘАБЖЬҚӘА
сегодня 11:18
Бадра Гәынба адышшылара ҟаиҵеит аветеран Алексеи Лашәриа иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба адышшылара ҟаиҵеит 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Алексеи Лашәриа иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы.






