Аветеран игәалаиршәоит уи амш «Чечентәыла иаабац мшын» ҳәа. Иара усҟан 22 шықәса ихыҵуан. Аибашьра шыҟалаз азы ажәабжь иаразнакала ареспублика аршанхеит.
«Зегьы ирҳәоз акы заҵәык акәын: "Аԥсны аибашьра иалагеит", "Урҭ ҳашьцәа роуп, ацхыраара рҭахуп", "Уа абыргцәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи гәаҟуеит"», - игәалаиршәоит аветеран.
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз раԥхьатәи ргәыԥ Черқьессктәи ақыҭа Хабез аҟынӡа инаргеит, уантәи амҩангаҩцәа рыцхыраарала, ашьха ахыҵырҭа шьапыла иалсыр акәхеит.
Ваҳаид Керимов иажәақәа рыла, Аԥсны ацхырааразы иааз хатәгәаԥхарала еибашьуаз ачеченцәа аиааира шыргоз азы гәыҩбара рымамзт, избанзар еилыркаауан ииашоу аус азы ишеибашьуаз.






