АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 23:37

Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз ачечен Рем Садыков: «Ҳқәыԥшра ҳԥырхагамхеит аиашьаратә аԥсуа жәлар рыцзраараҿы»

1992-1993 шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Чечентәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьра иааз Садыков «Аԥсныпресс» акорреспондент иазеиҭеиҳәеит аибашьра иазку игәалашәарақәа, иҩызцәеи иареи аиашьаратә жәлар рыхьчаразы амҩа иқәларц зырыӡбаз, Аҟәатәи ажәылара аилашымҭаз аибашьцәа ҿарацәа рҟазшьа шыӡрыжәхоз.

1992 шықәса аԥхынразы аибашьра аныҟала Рем Садыков 18 шықәса ракәын ихыҵуаз. Усҟантәи аамҭазы аинтернети ҳаамҭазтәи асоциалтә ҳақәеи ыҟамызт, убри азы аинформациа хада ауаа ироуан телехәаԥшрала ажәабжьқәа рҭыжьымҭақәеи аиҳабыратә абиԥареи рҟынтәи.

«Усҟан Чечентәыла аиҳабацәа зегьы еицҿакны ирҳәон: "Аԥсуаа жәлар ҳаиашьаратә жәларуп. Ақырҭуа ҳәынҭқарра акырӡа иӷәӷәоуп, агеноцид ҟанаҵоит. Уаҟа аибашьра цоит, ҳашьцәа рыцхраара ҳуалуп" ҳәа. Хаҭала сара  аганахь саангыланы ҭынч аҩны сызтәомызт, аӡәы ҳацхыраара шиҭахыз дырны»,-игәалаиршәоит Рем Садыков.

Аиашара ацәанырра згәы иҵхоз, 18-19 шықәса зхыҵуаз хәҩык аҩызцәа гәакьақәа ирыӡбеит афронт ахь ицарц. Ареспубликахь ианааи, ачечен еибашьцәеи аԥсуа еибашьцәеи цәаҳәак еицықәгылеит. Садыков зегь реиҳа иҵаулоу, иӷәӷәоу игәалашәарақәа аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ихадоу ажәыларақәа ирыдҳәалоуп.

«Зегь реиҳа сгәалашәара иаанхеит Аҟәа азы ажәылара. Ҳакәша-мыкәша, зынӡа иқәыԥшыз аҷкәынцәа ыҟан, аминаршәгатәи артиллериатәи хысра ӷәӷәа цон. Аха, иааџьоушьаратәы, ҩныҵҟала зынӡаск гәыҭҟьа-ԥсыҭҟьарак, ма гәҭыхак ҳамамызт. Ашәара зынӡа иҟамызт. Уи аамҭазы ҷыдала гәаҳәара дуӡӡак ҳахон, уи  аиааира агара акәын», - иҳәоит Садыков.


Read 27 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.