АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 8:11

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц жәлар рдипломатиа Ацентр адиректор хада, жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак алахәыла Дмитри Савельев диԥылеит

Аиԥылараан аганқәа алацәажәеит аԥсуа-аурыс усеицура аҿиара иазку азҵаарақәа жәпакы, агуманитартә еимадарақәа рырҭбаара, ауаажәларратәи аҵаратәи аԥшьгарақәа реицынагӡара, иара убас жәлар рдипломатиа апроектқәа рҳәаа иҭагӡаны аинырра арӷәӷәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи  аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан жәларбжьаратәи агуманитартә еимадарақәа рыҿиара, аҿари акультуреи реимдарақәа адгылара рыҭара, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыжәларқәа рыбжьара реилибакаареи рыгәреибагареи рырӷәӷәара иазырхоу еицырзеиԥшу аԥшьгарақәа рыларҵәара ирызкыз азҵаарақәа.

Аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит ирыбжьоу  адиалог ацҵареи Аԥсни Урыстәылеи ринтересқәа ирықәшәо аимадарақәа рыҿиареи рзы азҿлымҳара шрымоу.


Read 118 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.