АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 8:08

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ақыҭақәа рыҿиаразы акомиссиа аилатәара мҩаԥигеит

Амшхәаԥштә иалан хә-зҵаарак.

Аилатәара иалахәыз раԥхьа иахәаԥшит Аԥсны ақыҭақәа афинанстә цхыраара рыҭара азҵаара.

Џьансыхә Нанба ақыҭа ахадарақәа рхадацәа ари аус рхы ахьаладмыхәуа азы агәҭынчымзаара ааирԥшит.

«Даҽазныкгьы ақыҭақәа рхадацәа рахь аҳәара ҟасҵар сҭахуп ақыҭанхамҩа аминистррахь азыҳәарақәа рынашьҭра дырццакырц. Акомиссиа ианаамҭоу урҭ ирыхәаԥшырц азы. Иахьазы зыҳәамҭак ауп иааз — Абӷархықә ақыҭа аҟынтәи. Даара исҭахын активра еиҳазарц».

2026 шықәса ақыҭа иашықәсны иахьрылаҳәаз инамаданы апрограмма «Ақыҭақәа рыҿиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ақыҭақәа зегьы миллионк-миллионк мааҭ рзоужьхоит.

Аилатәара алахәылацәа иара убасгьы ирыхәаԥшит акомиссиа уаанӡатәи аилатәарақәа рҿы аус адуларазы иахырԥаз апроектқәа. Ақыҭанхамҩа аминистрра ирҿыцу абизнес-планқәа ӡырнагеит.

Иара убас, акомиссиа алахәылацәа ааӡарҭақәеи аԥсыӡааӡареи рыҿиаразы аматериалқәеи амыругақәеи раахәаразы адокументқәа гәарҭеит.

«Иҳаҩсыз аилатәараҿы арҭ ахырхарҭақәа рыла азыҳәарақәа ҳрыхәаԥшит, ҳәа азгәеиҭеит Нанба. - Изықәшаҳаҭу апроектқәа анаҩстәи аетап ахь ииасуеит: урҭ рынагӡаразы иаҭаху зегьы раахәаразы атендер рылаҳәахоит».

Амш аԥшьбатәи азҵаара, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭыжьреи аус адулареи рзы анаплакқәа раԥҵареи рырҿиареи зыгәҭаку аграрицәа рҟынтәи раԥхьатәи азыҳәарақәа ирызкын.

Аиԥылара алахәылацәа апрограмма «Ақыҭанхамҩа аҿиара – 2026» анагӡаразы ицәырҵуа азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Абӷархықә ақыҭа аҟынтәи иаарышьҭыз аныҳәара ақыҭанхамҩа аминистр ицхырааҩ Инал Аргәын далацәажәеит.

«Ақыҭа актив аӡбрала аԥара Абгархықәтәи абжьаратә школ аҿаԥшылара аиҭашьақәыргылара  иазырхахоит.  Адокументқәа апрограмма аҭахрақәа инагӡаны ирықәшәоит. Уи аус адуланы афинансқәа рминистррахь инарышьҭхьеит ақәшаҳаҭхареи анагӡареи рзы. Зегьы гәаҭоуп, зҵаара ыҟаӡам, апроект анагӡаразы иҳадаҳкылоит», - ҳәа иажәа хиркәшеит Аргәын.


Read 114 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.