АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 8:07

Аҟәа иҟоу Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы акультура-рккаратә ҵакыра ҿыц аргылара иалагеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аԥсны

«Афырхаҵа имҩа» захьӡу апроект аҭааҩцәа ирыднагалоит аԥсуааи аурысцәеи ирзеиԥшу  аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхареи аларҵәареи иазырхоу аинтерактивтә експозициа — Аџьынџьтәылатә еибашьра ду инаркны ҳаамҭазтәи ахҭысқәа рҟынӡа.

Аусурақәа рымҩаԥысшьа хаҭала ахәшьара аиҭеит аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба. Иара игәалаиршәеит аиҭашьақәыргыларазы аӡбамҭа ҵыԥх уажәааны ишрыдыркылаз Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои.

Агәҭакы анагӡаразы иадыԥхьалахоит Нижни Новгородынтәи аԥышәа змоу аспециалистцәа.

Ешба иажәақәа рыла, ацифратәи аинтерактивтәи ӡбамҭақәа рхархәара Аибашьра Ахьӡ-аԥша амузеи аҵакыра азы ишьахәуп, избанзар иалнаршоит зымҽхак ду аматериалқәа рҭыԥ рықәҵара, иааиԥмырҟьаӡакәа аинформациа арҿыцра.

Апроект анагӡара алыршахеит Урыстәылатәи акультуратә аԥшьгарақәа рзы Ахада ифонд адгылара иабзоураны. Ирҿыцу акомплекс еиднакылоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра, иара убас иҷыдоу арратә операциа ирызку атематикатә залқәа.

Амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Вадим Аргәын ишазгәеиҭаз ала, ҳаамҭазтәи ацифратә формат иалнаршоит ихадоу аҭоурыхтә аамҭақәа — аибашьра аламҭалазтәи ашықәсқәа инадыркны аибашьра ашьҭахьтәи аамҭанӡа еиҳа инарҵауланы, уархәыцыртә рылацәажәара.

Аекспозициа ҿыц гәырӷьарала аартра азԥхьагәаҭоуп цәыббрамза 30 рзы, Аиааира амш аҽны.


Read 114 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.