Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, аиԥылара ашьҭахь Гәниа Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистрра иналукааша аусбарҭақәа русушьа еиликааит:
-М. Ф. Владимирски ихьӡ зху Москватәи аобласттә ҭҵаарадырратә клиникатә институт;
- Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иатәу афтизиопульмонологиеи аҿкчымазарақәеи рмилаҭтә медицинатә ҭҵааратә центр;
- Академик Е. И. Чазов ихьӡ зху акардиологиа амилаҭтә медицинатә ҭҵааратә центр;
-Н.И. Пирогов ихьӡ зху амилаҭтә медико-хирургиатә центр.
Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп акрызҵазкуа аиԥыларақәа, Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои иареи реиԥылареи апрофильтә департаментқәеи Рфедералтә фонд анапхгаҩцәа рыҿцәажәарақәеи налаҵаны.
Арҭ аиԥыларақәа иалдыршоит ҩ-ганктәи аинырра ахықәкы хадақәа рылацәажәара, агәабзиарахьчара аганахьала ԥхьаҟатәи аусеицуразы ашьаҿақәа разгәаҭара.






