АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 23:04

Абылтәы аусхк аҟны иҟоу ауадаҩрақәа аамҭалатәи аҟазшьа рымоуп ҳәа азгәеиҭеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба

«Аиҳабыра есыҽны аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит, алогистикеи абылтәы анашьҭреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа иахьынӡалшо ирласны рыӡбаразы Урыстәылатәи рколлегацәеи дареи иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы еицымҩаԥыргоит», — иҳәеит Мышәба.

Иазгәеиҭеит, Урыстәыла абылтәы џьармыкьаҿы иҟоу ауадаҩрақәа Аԥсны ишаныԥшуа, уи ауп иазԥхьагәаҭоу аагарақәа анырра рызҭазгьы. Аха иахьа шьҭа ареспубликахь иаауеит 400 тонна абылтәы , иара убас адизельтә былтәы. Амҽхак ду аара азыԥхьагәаҭоуп нанҳәамза алагамҭазы, уи иалнаршоит аҭагылазаашьа иаарласны аҭышәныртәалара.

«Аԥсны-Оил» адиректор хада Олег Лакоба иҳәеит нанҳәамзазы Аԥсны традициала абылтәы  аҩныҵҟатәи ахархәара шышьҭыҵуа,  уи атуристтә сезон ашыкьымҭа ишадҳәало.

«Жәаҳәарада, аиԥҟьарақәа аҭыԥ рымоуп, урҭ зыхҟьаз Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу алогистикатә уадаҩрақәа роуп. Аха иахәҭоу абылтәы зегьы аахәоуп», — иҳәеит Лакоба.

«АЗиД» адиректор ихаҭыԥуаҩ Едуард Аргәын иазгәеиҭеит аилахәыра иахьазы ауадаҩра маҷқәа шамоу: абылтәы хкқәа зегьы аҭираҿы ишыҟам.

«Аха иацаахыс аилахәыра абылтәы ҭиирҭақәа зегьы рҿы адизельтә былтәала ишеиқәдышәаз. Еиԥҟьарада аусуразы ихымԥадатәиу абылтәы ахә ахшәаауп, хара имгакәа аашьҭра ҳазыԥшуп», — ҳәа иажәа хиркәшеит Аргәын.


Read 30 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.