АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 23:55

Аԥсны Абанк аушьҭымҭацәа-амедалистцәа агәаларшәагатә банкнотақәа ҳамҭас ирынаҭеит

Амилаҭтә банк аҿы имҩаԥысит аҵара ибзиаӡаны иалгаз, амедалқәа занашьоу ашколқәа роушьҭымҭацәа ирызкыз ацеремониа. Аԥсны Абанк анапхгара аҿар ирыдырныҳәалеит алҵшәа бзиақәа, иагьазгәарҭеит рџьабаа. Аушьҭымҭацәа ирзеиӷьаршьеит аҵареи азанааҭтә усуреи рҿы ԥхьаҟатәи ақәҿиарақәа.

Амедалистцәа ирырҭеит Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба исахьа зну 500 аԥсар иҟоу агәалашәаратә банкнота.

Аҳамҭақәа ранашьахеит Валериа Бениа (Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1), Адам Дбар (Бамборатәи абжьаратә школ), Милана Лаквитава (Аҟәа абжьаратә школ №5), Алиа Чагәаа, Нисса Сангәлиа (Аҟәа абжьаратә школ №10).

Аԥсны Абанк анапхгара аӡбра аднакылеит есышықәса аушьҭымҭацәа-амедалистцәа 500 аԥсар иҟоу агәаларшәагатә банкнотақәа ранаршьаларц азы.

Афото: Аԥсны Абанк


Read 35 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.