АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:00

Аԥсны аӡбаҩцәа зегьы аԥсышәала аҭоуба шьҭарҵалоит

Апарламент аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Аӡбаратә мчразы»Аконституциатә закәан аиҭакра аднакылеит.

Адокумент инақәыршәаны, Аконституциатә ӡбарҭеи, азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәа уажәшьҭа ируалуп аҳәынҭқарратә бызшәала, аԥсышәала аҭоуба ашьҭаҵара.

Ари аӡбамҭа шьаҭас иамоу ареспубликаҿы анорматив-зинтә актқәа зегьы роригиналқәа аԥсышәала иахьыҟоу ауп.


Read 36 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.