АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:11

Аԥсны аенергетика аминистрреи Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамчи» рделегациа усутә визитла Ҭаҭарсҭан иҟоуп

Абри атәы аанацҳауеит аенергетика аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны ахаҭарнакцәа аҭааит ТОСЭР «Зеленодольск» аҵакыраҿы иҟоу атехнопарк «Искра-Волга». Ари зтехнологиа ҳараку аенергетикатә хархәагақәа раԥҵара ацикл наӡа ахьымҩаԥысуа иналукааша Урыстәылатәи ааглыхратә кластерқәа ируакуп. Абраҟоуп иахьаԥырҵо Аԥсны ишьақәдыргыло афымцамч аҳасаббаразы аинтеллектуалтә мыругақәа.

Ҳара иаабеит ҳреспубликаҿы активла ишьақәдыргылахьоу аинтеллектуалтә ҳасаббаратә мыругақәа реизгара, реибыҭара, рҭыжьра апроцесс. Агәра ҳгеит арҭ амыругақәа иахьатәи ҳаамҭа инақәыршәаны ишаԥҵо. Наҟ-наҟ аҩ-ганк ҳзы ихырҳагоу аусеицура аизырҳара ҳақәгәыӷуеит. Абарҭқәа зегьы мҩаԥысуеит астратегиатә ҩыза – Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара аҳәаақәа ирҭагӡаны», – иҳәеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба.


Read 28 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.