АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 2:33

Апарламент адепутатцәа абызшәатә тестқәа ирхыслоит

Адепутатцәа «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхразы» Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 5 аԥсахрақәа аларгалеит аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьарала.

Иалагалоу аиҭакрақәа инарықәыршәаны  адепутатрахь акандидатцәа аԥсшәеи аурысшәеи рдырразы атестқәа ирхысроуп.

Аус зуа азакәан абызшәақәа рдырра шьақәзырӷәӷәо апроцедура алаӡамызт.

Ахәҭаҷ 5 ахәҭа 3 харҭәаазарц ажәалагала ҟаҵоуп,  уи инақәыршәаны Аԥсны Алхратә комиссиа хада ишьақәнаргыло алингвистикатә комиссиа имҩаԥнагоит абзшәа адырразы атестқәа, урҭ рылҵшәақәа адепутатрахь иқәгыло акандидат иазирхио ақьаадқәа ирылазароуп.

Алҵшәа бзиа аҟамзаара акандидат иҭаҩра мап ацәкра ҵаҵӷәыс иаиуеит.


Read 43 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.