Ахәҭаҷ 25 аԥсахрақәа инарықәыршәаны имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа ирыдҳәалоу ауаажәларра ргәаанагара аилкааразы еизыргаз адыррақәа рылҵшәа акьыԥхьра азин аҟамҵара аҿҳәара жәа-мшы инаркны 30 мшы рҟынӡа иацҵазарц ажәалагала ҟанаҵон.
Авторцәа ргәаанагарала аҿҳәара аизырҳара иалнаршоит икьыԥхьхо асоциологиатә ҭҵаарақәа атәылауаа рыбжьара иҟарҵо анырра арларҟәра, акандидатцәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит.
Ахәҭаҷ 10 аԥсахрақәа ралагалара ишьақәнаргылон алхрақәа ианрылагалак инаркны реихшьаалақәа ҟарҵаанӡа 18 шықәса зхыҵхьоу атәылауаа рҭаҩра аамҭала иаанкылазарц.
«Алхрақәа раамҭазы аиҭаҭаҩра иалкаау аҭыԥқәа рҿы алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иԥсабаратәымкәа иаԥсахуеит, уи абжьыҭира алҵшәақәа анырра рнаҭар алшоит», – ҳәа аҳәоит азакәан апроект аилыркаагатә нҵамҭаҿы.
Даҽа еиҭакрак ала, хықәкыла аус зуа азакәан ахәҭаҷ 6 ¹ харҭәаазарц ажәалагала ҟаҵан, уи инақәыршәаны ареспубликатә, ма аҭыԥантәи абиуџьетқәа рҟынтәи аԥара ззоужьу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ралагареи рымҩаԥгареи азин ыҟам, абжьыҭира амш ҩымз шагу, алхрақәа рылҵшәақәа официалла икьыԥхьхаанӡа.
Адепутатцәа иара убасгьы амшхәаԥштә иамырхит алхрақәа рымш инаркны уи иаԥхьанеиуа хәышықәса иреиҵамкәа акандидат иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны дынхозар ауп ҳәа шьақәзыргыло адҵа.






