АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 21:11

Шықәсырацәалатәи аиҭашьақәыргылара ашьҭахь Пицунда гәырӷьарала иаадыртит ахәыҷбаҳча «Амзара»

Пицунда ақалақь аҿы ахәыҷбаҳча «Амзар» аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

Аофициалтә церемониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, аҵара аминистр Хана Гәынба, Гагра араион ахада Иури Хагәышь, Жәлар Реизара  адепутатцәа.

Иарбоу аобиект ақалақь аргылара дуқәа ируакын,ахәыҷбаҳча аиҭашьақәыргылара иаҿын аашықәса инареиҳаны. Зымҽхак ҭбаау аиҭашьақәыргылара ахыркәшара алыршахеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәыла иҟанаҵо афинанстә цхыраара иабзоураны.

Акапиталтә лагалақәа рзеиԥш мҽхакы иартәеит 102 миллион мааҭ. Аобиект аҿы аусурақәа мҩаԥыргон Амуниципалтә  унитартә  наплакаы «ГРСО Гәдоуҭа». Аусурақәа рымҩаԥысшьеи рхаҭабзиареи хаҭала игәеиҭеит атәыла ахада.

Ҳаамҭазтәи ҩбаны еихагылоу ахыбра астандартқәа зегьы ирықәшәоит. Ахәыҷбаҳча 120-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа аднакылар алшоит.

Иҭбааҭыцәу ауадақәа еиқәыршәоуп зхаҭабзиара ҳараку аҩнымаҭәеи ахәмаргақәеи рыла, афатә ҟаҵарҭеи амедицинатә кабинети иҿыцӡоу зтехнологиа ҳараку амыругақәа адгалоуп.

Ашколқәранӡатәи аусбарҭа ҿыц анапхгаҩыс дҟаҵоуп Мирабелла Қәачахьиа.

Аҳәынҭқарра ахада ахәыҷбаҳча ахәмарырҭатә ҭыԥқәеи аҩныҵҟатәи ауадақәеи гәеиҭеит.


Read 23 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.