АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 22:29

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Борис Виктор-иԥа Адлеиба 95 ш. ихыҵра инамаданы Аԥсны аҭоурых аҟны илагала азгәаиҭеит

«Борис Виктор-иԥа патриот иашан, иус ҭакԥхықәрала дазнеиуан, ихатә гәаанагара иман. Иԥсҭазаара зегьы иԥсадгьыл амаҵ аура иазикит, иуаажәлар ринтересқәа рыхьчара дазықәԥон, амилаҭтә культура арҿиара  дашьҭан.

Ҭоурыхтә хҭыск аҳасабала иахәаԥштәуп 1989 ш. азы Лыхнытәи ааԥхьара раԥхьа хымԥада иара инапы ахьаҵаиҩыз. Усҟантәи аамҭазы апартиатә напхгаҩы изы ари аҩыза ашьаҿа аҟаҵара агәаӷьра ду аҭахын, ижәлар ринтересқәа рыхьчара дазхиан имаҵзуратә ҭыԥ аиқәырхара аасҭа, уи аҵыхәтәа зеиԥшрахоз ихахьы иаамгакәа. Ас еиԥш амилаҭтә зҵаара азнеишьа иара итәылауаҩратә позициа бзианы ианыԥшуеит, Аԥсны аԥеиԥш гәыкала дшазхәыцуаз атәы арҵабыргуеит.

Иахьа ҳара ҳаҭыр дула даҳгәалаҳаршәоит Борис  Виктор-иԥа Адлеиба. Уи ихьӡ Аԥсны аҭоурых аҟны аҭыҧ ду ааннакылоит, ҳажәлар ргәалашәараҟны наунагӡа иаанхоит».


Read 33 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.