Агәаҭарақәа рхықәкы хада амаршруттә таксиқәа рҿы амҩақьыразы ишьақәыргылоу атарифқәа рықәныҟәара ахылаԥшра, иара убас автобусқәеи аидарамҩангагатә машьынақәеи алицензиатә ҭахрақәа зегьы ишрықәшәо агәаҭара ауп.
Аекономика аминистрраҿы атранспорт Аусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Бганба ишиҳәаз ала, агәаҭарақәа ҵаҵӷәыс ироуит атәылауаа рганахьала ашшыԥхьыӡқәа реизҳара.
«Амаршруттә таксиқәа рныҟәцаҩцәа ирҭахханы амҩақьыра ахәԥса иахьацырҵаз ахҭысқәа рхыԥхьаӡара иахьацлаз инамаданы, иахьа ареидқәа мҩаԥыргоит. Аусмҩаԥгатәқәа раан ақалақьҩныҵҟатәии ақалақьбжьаратәии амаршрутқәа рҿы ахәԥса ацҵара афактқәа аарԥшхахьеит», — ҳәа азгәеиҭеит Бганба.
Атранспорт Аусбарҭа аиҳабы аилагаҩцәа шахьырхәхо атәы иҳәеит:
амҩақьыра ахәԥса ацызҵаз амашьынарныҟәцаҩцәа ируалуп аҭыԥ аҿы апассаџьырцәа имыцхәны ирымырхыз аԥара архынҳәра. Инацҵаны ахараԥса ақәырҵоит автотранспорттә наплакы ахаҭа,
алицензиа амамзааразы административтә хараԥса ылырҩаауеит.






