АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 20:03

Багрыԥсҭа ақыҭан иаатит еиҭашьақәыргылаз ахәыҷбаҳча «Ашана»

Гагра араион Багрыԥсҭа ақыҭан ахәыҷбаҳча «Ашана» аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит. Ахәыҷбаҳча 30 шықәса аус ауӡомызт.

Ахыбра аиҭашьақәыргыларазы зымҽхак ҭбаау апроект нагӡан Аԥсны Аерман хеилаки Гагра араион ахадареи рымчала. Аусурақәа рзеиԥш хәыԥса иартәеит 25 млн мааҭ, урҭ рахьынтә 2 млн Гагра араион абиуџьет аҟынтәи иазоужьын.

Аргылаҩцәа ахыбра аконструкциа шьаҭанкыла идырҿыцит, ҳаамҭазтәи аҵаратә мыругақәа ықәдыргылеит, иара убас аҩнымаҭәа ҿыц ааргеит.

Ирҿыцу ахәыҳбача дахагылеит Саида Гаррии-иԥҳа Пандалион.

Ахәыҷбаҳча «Ашана» 40-ҩык ааӡамҭацәа аднакылар алшоит.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, аҵара аминистр Хана Гәынба, Гагра араион ахада Иури Хагәышь, Жәлар Реизара  адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.


Read 12 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.