Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Очамчыра ақалақь 2526 шықәса ахыҵра инамаданы иазгәаҳҭо иахьатәи аныҳәа.
Ижәытәӡатәиу ари қалақь аҭоурых ашәышықәсақәа иықәлоуп. Ҩ-нызқьи бжаки инареиҳаны шықәса раԥхьа, ҳера ҟалаанӡа IV -тәи ашәышықәсазы Амшын еиқәа ахықәан ишьаҭаркын Ажәытә бырзен полис Гиуенос – ҳаамҭазтәи Аԥсны иахьаҵанакуа раԥхьатәи ақалақьқәа ируаку, Кавказ антикатә дунеи иадызҳәалоз ахәаахәҭреи, мшынла аныҟәареи, анапҟазареи ирцентр дуны иҟаз.
Очамчыра аҭоурых ду аҩныҵҟа иҟан аизҳазыӷьареиԥш, аԥышәара дуқәагьы раамҭақәа. Убас шакәугьы, уи ахаҿреи иамоу ахатә ҷыдарақәеи еснагь еиқәырханы иааргон зықалақь гәык-ԥсыкала бзиа избо ауаа.
Абжьыуатәи Аԥсны иагәҭылсоу Очамчыра аԥсуа традициақәа, ахатәы бызшәа, аиҳабацәа ҳаҭыр рықәҵара, аџьа абзиабара еиқәырханы иаазго жәабала ақыҭақәа еидызкыло қалақьуп. Абраҟоуп ҷыдала иахьуныруа абиԥарақәа реимадара, уи иабзоураны ҳҭоурыхи ҳбызшәеи иахьагьы рыԥсы ҭоуп, аҿиара иаҿуп.
Ари аныҳәамш аҽны Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Очамчыреиԥш, Аԥсны зегьы ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара аҿаԥхьа ҳаҭырла ҳхырхәоит. Урҭ ргәымшәареи рхамеигӡареи наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит.
Иахьа Очамчыра шьаҿа ӷәӷәала аҿиара амҩа ианылеит. Ақалақь есааира иҿиоит, аинфраструктура, ауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәразы алшарақәа раԥҵара мҩаԥысуеит. Аха Очамчыра ахаангьы мал хаданы еснагь иҟан, иагьаанхоит уи иқәынхо ауааԥсыра – зықалақь бзиа избо, хьӡи-ԥшеи згым уи аҭоурых иазгәдуу, аԥеиԥш бзиа ачаԥараҟны злагала дуу ауаа.
Акрызҵазкуа абри амш аҽны очамчыраа дуқәа гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, аҭынчра, анасыԥ, ақәҿиара ҿыцқәа. Ижәытәӡатәу Очамчыра аринахысгьы иҿиалааит, иеизҳазыӷьалааит, шәышықәсалатәи аҭоурых ианылалааит хьӡи-ԥшеи згым адаҟьа ҿыцқәа.
Ҽааныбзиала шәнеилааит!»






