Азакәан апроект ҿыц ала Жәлар Реизарахь иалху адепутатцәа рмаҵура иахагылаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи ажәлари гәык-ԥсыкала ишырзыҟоу азы ҭоуба руроуп аԥсышәала. Аҭоуба шьҭаиҵаанӡа адепутат изинмчхарақәа рынагӡара дзалагом. Убри аан аҭоуба ашьҭаҵара аԥҟареи уи атексти Жәлар Реизара ишьақәнарӷәӷәалоит.
13.Ԥхынгәы.2026
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Апарламент ахәаԥшырц азы «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат истатус азы» «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект алеигалеит
Азакәанԥҵаратә аԥшьгара адепутат истатус азинтә ҭышәныртәалара аиӷьтәреи атәыла иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә усбарҭа аусура аконституциатә шьаҭақәа рырӷәӷәареи иазырхоуп.






