АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:07

Ҭаҭарсҭани ҳареи ҳаимадареи аиашьаратә жәлар иҟарҵо ацхыраареи даара ахә ҳаракны иршьоит аԥсуа жәлар

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны усутә визитла иҟоу Ареспублика Ҭаҭарсҭан араис Рустам Минниханов диԥылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Ҭаҭарсҭани реизыҟазаашьа аҭоурыхтә шьаҭа ҵаула шамоу. Атәыла ахада иазгәеиҭеит ари аиашьаратә еимадара шхацыдыркыз ҩ-республикак раԥхьатәи рхадацәа-Владислав Арӡынбеи Минтимер Шаимиеви.

Гәынба игәалаиршәеит зегь реиҳа иуадаҩыз аамҭазы — Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан — Ҭаҭарсҭан анархгара адгылара ӷәӷәа шыҟарҵаз. Атәыла ахада дазааҭгылеит 1993 шықәсазы, аибашьра аилашымҭаз, Казань Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакра шаартыз, уи ҳтәыла адгыларазы агәацԥыҳәара ӷәӷәа шанаҭаз.

Ҭаҭарсҭан ахәшәқәеи, зда ԥсыхәа ыҟам атауарқәеи, анефҭаалыҵқәеи рыла ацхыраара ҟанаҵон — арҭ зегьы Аԥсны жәлар адгылара рыҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟаҵан.

Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ахаангьы ишырхамышҭуа Ҭаҭарсҭани, Башкортосҭани, Ҟазахсҭан рнапхгаҩцәа ақырҭуа ар ралгареи аибашьра аанкылареи рзы иҟарҵаз ааԥхьара. Атәыла ахада иазгәеиҭеит урҭ амшқәа рзы ари аӡбамҭа атәылауаа ргәы шышьҭнахуаз, атәыла аиҩызаратә республикақәа рганахьала узықәгәыӷша адгылара шамоу агәрагара ӷәӷәа шанаҭоз.

Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит ари аиашьаратә еимадарақәа рыҩаӡара ҳаракы адгылара шаиҭо Рустам Минниханов, иахьа иҟаиҵо ацхыраара хәы шамам. Бадра Гәынба ҭоурыхтә хҭысуп ҳәа ахиҳәааит атәыла ауааԥсыреи асасцәеи бзиа ирбо, Аҟәатәи аԥшаҳәа аартра, инаҵшьны иазгәеиҭеит ари зымҽхак ҭбаау апроект ахәҭак уажәы Ҭаҭарсҭани уи анапхгаҩы ихатә џьабааи иузырҟәымҭхо ишадҳәалоу.

Иара убасгьы атәыла ахада иазгәеиҭеит амилаҭтә ныҳәа Сабантуи Аԥсны амҩаԥгара аҵакы шамоу.


Read 30 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.