Иара иазгәеиҭеит аханатә ишазыԥхьагәаҭамызгьы археологиатә ԥшаарақәа рыҭҵаарадырратә ҵакы шдуу. Ишиҟазшьоу еиԥш дахлафаауа иҳәеит археологцәеи иареи ирыбжьалаз аимак дшаиааиз:
«Мызкала иалгоит ҳәа еибаҳҳәеит, нас хымз рҟынӡа иацаҳҵеит. Уи аҿҳәаразы ҳаисеит, ишаҵахаз азхарҵеит. Аиааира згаз изин ала аҳәара ҟасҵоит, ашықәс анҵәамҭазы еиҭашьақәыргылахо аԥсуа музыка ҩназы
археологиатә ԥшаамҭак сырҭарц».
Иара Аԥсны ажәытәӡатәи аҭоурых зырҵабыргуа ари аҟәырҷаха амузыкатә инструментқәа рмузеи аекспозициа иалаларц агәазыҳәара ааирԥшит.
«Аиашазы археологцәа аус ду ҟарҵеит, ҳәа ациҵеит Кириенко. – Урҭ еиҳа-еиҳа инарҵауланы иҳаилдыркаауеит Аԥсны акультура шаҟа ижәытәӡатәиу, насгьы ари адгьыл аҭоурых шаҟа иҵауло. Сара сгәы излаанаго ала, уи Аԥсны атәылауаа рхатә ҭоурых аилкааразы акырӡа аҵанакуеит», – иҳәеит иара.
Сергеи Кириенко инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҟәатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара ажәларқәа рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа ирсимволны ишыҟалаз, иҭабуп ҳәа реиҳәеит арегионқәа рнапхгаҩцәа: Ҭаҭарсҭан араис Рустам Минниханов, Башкортосҭан ахада Ради Хабиров, Нижегородтәи аобласт напхгара азҭо Глеб Никитин.
«Аусура уи ала инҵәаӡом, аха ихадоу аҿҳәарақәа зегьы ҳҽырҭаҳагӡеит, сара сзы акрызҵазкуа аамҭоуп. Ахыдҵақәа зегьы нагӡоуп, аус аҿы зегьы акырӡа ишыуадаҩхазгьы: аусутә иазҳаит, ахарџьқәагьы ирыцлеит. Аха ҳажәа наҳагӡеит.
Иацгьы Бадра Зураб-иԥеи сареи ҳанеиқәшәоз, иахьагьы аргылаҩцәа еицҿакны ирҳәоит: «Ҳара ҳзы уи ҳаҭыр дуун» ҳәа. Иубоит ари апроект дара рзы ишгәакьахаз, Аԥсны атәылауаа реиԥш уи ишазгәдуу. Сара сгәы излаанаго ала, ари зегьы ирыцкуп, зегь реиҳа ихадоуп», – иҳәеит Кириенко.
вчера 2:00
Аҟәатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара Аԥсни Урыстәылеи реимадара арӷәӷәара арҵабыргуеит иҳәеит Сергеи Кириенко
«Аҳҭнықалақь аԥшаҳәа ауаа аднаԥхьалоит, уи аекономика аҿиаразы лагала дууп, аусурҭатә ҭыԥқәа аԥнаҵоит, абиуџьет ахашәалахәқәа еизҳауеит», – иҳәеит Кириенко.






