Рустам Минниханов иҭабуп ҳәа реиҳәеит иԥхоу адкыларазы, аимадарақәа рырҿиара азҿлымҳаразы, инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рҳәаа иҭагӡаны аимадарақәа рырӷәӷәаразы активла аусура аҵак ду шамоу.
Иҳәеит амилаҭтә ныҳәа Сабантуи аԥсуа дгьыл аҿы амҩаԥгара ажәларқәа еидызкыло культуратә хҭыс лашоуп ҳәа.
Минниханов ахәаахәҭра-економикатә еинырра аусеицура аусхкқәа зегьы ируасхыруп ҳәа азиҳәеит. Ахырхарҭа хадақәа ирыликааит ақыҭанхамҩа, афатә аарыхра, атуризм.
Иара убас, Рустам Минниханов аусеицураҿы акрызҵазкуа хырхарҭаны иаликааит арҵаратә усхк. Аԥсуа студентцәа ақыҭанхамҩеи, аветеринариеи, аенергетикеи, архитектура-ргыларатә уси реиԥш иҟоу зыда ԥсыхәа ыҟам ахырхарҭақәа рыла разыҟаҵаразы алшарақәа рырҭбаара ишазыхиоу, иара убас аус зуа аспециалистцәа реиҭазыҟаҵареи рзанааҭтә дырра аизырҳареи реиҿкаара ишадгыло атәы иҳәеит.
Ҭаҭарсҭан араис Аԥсны иазкны ихатә цәаныррақәа ҳацеиҩишеит, атәыла аԥсабара хәы змаӡам аԥшӡареи, иара убас ауааԥсыра ргәаартреи рқьиареи азгәеиҭеит.
Рустам Минниханов ареспублика аҿиаразы иазԥхьагәаҭоу апланқәа зегьы қәҿиарала ишынагӡахо ала агәрагара ааирԥшит.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ҭаҭарсҭан Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рырӷәӷәареи, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиареи, активла адгылареи рҿы хаҭалатәи илагала ду азы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Ҭаҭарсҭан Ареспублика араис Рустам Минниханов «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианеишьеит.
вчера 0:07
Ареспублика Ҭаҭарсҭан араис Рустам Минниханов «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианашьоуп
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны усутә визитла иҟоу Ҭаҭарсҭан Ареспублика араис Рустам Минниханов диԥылеит.






