АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 16:01

Аҳәынҭқарра Ахада, Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба атәылахьчара аминистрра даҭааит

Иара ибеит аԥсуа арбаџьармчқәа иҿыцны ироуз ҳаамҭазтәи абџьари, атехника ҷыдеи, Урыстәылатәи Афедерациеи дареи арра-техникатә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыҭазгьы уахь иналаҵаны.

Аҳәынҭқарра Ахада ицын, ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, атәылахьчара аминистр, Беслан Ҵәыџьба, Аԥсны арбаџьармчқәа рыштаб хада аиҳабы Владимир Савченко.
 
Урыстәыла иҳанаҭаз амыругақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: анџьныртә мыругақәа, ҳаамҭа иақәшәо азеиԥш ҵакы змоу ахархәагақәа, иара убас арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчагақәа.
  
Атәыла Ахада иара убасгьы игәеиҭеит аибашьратә ҷаԥшьараҿы игылоу атехникатә хархәагақәа.
 
Уахь иаҵанакуеит аимадаразы акомплексқәа, арадиоелектронтә ҿагылара асистемақәа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ркажьразы амыругақәа, аԥшыхәра амҩаԥгара алзыршо ахархәагақәа.
 
Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Аҟәатәи иреиҳаӡоу акомандатә азеиԥшарратә ҵараиурҭа акурсантцәа разыҟаҵареи рҵаратә процесси аҭагылазаашьа гәеиҭеит.

Атәылахьчара аминистри аштаб хада аиҳаби атәыла ахада изеиҭарҳәеит ар реибашьратә зыҟаҵара шымҩаԥысуа атәы.


Read 169 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.