Аԥсныпресс аинтервиу аҭо Резо Занҭариа ари аус инарҭбааны далацәажәеит, еиҭеиҳәеит аҭоурыхқәа, Аҟәа аиҭакразы апланқәа дрылацәажәеит.
17.Рашәара.2026
Иналукааша аԥсуа прозаик, апоет, апублицист Даур Занҭариа игәалашәара иҩымҭақәа рҿы иаанхоит, амилаҭтә культура аиқәырхара иашьҭоу еиднакылоит
Ашәҟәыҩҩы ибеиоу иҭынха аиқәырхареи аларҵәареи рус аҿы иналукааша ароль наигӡеит Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариа. Даур Занҭариа игәалашәара Ацентр шықәсырацәалатәи иҟанаҵаз адгылара алҵшәа бзиақәа аанагоит.






