АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Рашәара.2026

Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә банк аикәшарахь иҭнажьит 500 цыра жәа-ԥсарк ицо агәалашәаратә ԥараҿырпы «Ацынҵәарах»

Аԥараҿырпы агәҭаны иануп Аԥсны аҭоурыхтә ҭыԥқәа 7 рҟынтәи ицаз, традициа маҭәала еилаҳәоу быжь-ҩык аԥсуаа, амҳаџьырцәа (Кавказтәи аибашьра анеилга ашьҭахь мчыла ихырҵәаз Аԥсны иашьагәыҭу ауааԥсыра).
Ҵаҟатәи ахәҭаҿы иануп Аԥсны Аҳәынҭқарра агерб асахьа, иара убас аноминал «10 ԥсарк», аемитент ахьӡ, ианычаԥаз ашықәс.

Аԥараҿырп ареверс акомпозициа шьаҭас иамоуп Кавказтәи ашьхақәа, иҭашәо амра, аԥсуа исахьа, уи аԥшаҳәа аҟынтәи амҳаџьырцәа зҭоу аԥра ӷба дгыланы дахәаԥшуеит. Ахахьы иҭаԥыҟҟаны аԥсышәала аҩыра ануп «Зыԥсадгьыл зцәыӡыз зегьы ицәыӡуеит» ҳәа ( Баграт Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» епиграфс иазалихыз жәлар ражәаԥҟа).

Асахьаҭыхҩы: Руслан Габлиа. Аԥараҿырпы 925-тәи аҩаӡара змоу араӡны иалхуп.


Read 371 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.