Абҵарамза 1-2, 1991 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз III Аизара Ду аҿы Кавказ жәаҩа республика ахаҭарнакцәа Аиқәшаҳаҭреи Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рконфедеративтә еидгылара азы Адекларациеи рнапы аҵарҩит, иара убас Кавказтәи Апарламент, Абжьҟазаратә Ӡбарҭа, атәылахьчара акомитет, уҳәа егьырҭ аструктурақәа раԥҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аконфедерациа аштаб-квартирас иҟалеит Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа.
Аконфедерациа ахаҭарнакцәа 1992 - 1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра активла иалахәын. Нанҳәамза 15, 1992 шықәса рзы Аиҿкаара ахыхьчаратә Комитет ахантәаҩы Сулҭан Сосналиев инапхгарала аконфедератцәа ргәыԥ Ԥсоу аӡиас ала ақырҭцәа рырхәҭақәа рхырӷәӷәарҭақәа ԥжәаны Гәдоуҭаҟа аара рылшеит. Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы аиааира агара акыр рлагала ду аларҵеит.