АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Абҵара.2022

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА, УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА, АРЕСПУБЛИКА БЕЛОРУСИА АПАРЛАМЕНТҚӘА РДЕПУТАТЦӘА АУСЕИЦУРА АПЕРСПЕКТИВАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти, Беларусиатәи Ареспубликеи, Урыстәылатәи Афедерациеи рдепутатцәеи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҭааит Аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы Апарламенттә Еизара Акомиссиа алахәцәа рыла ишьақәгылаз Беларусиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара аделегациа. Авизит апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба напхгара зиҭоз Апарламенттә Еизара ахаҭарнакцәа злахәыз аилатәара нарҭбааны.

Уи иалахәын Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаа Фазлыбеи Аҩӡбеи Ашот Миносиани, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Акультуреи, аҿари аспорти рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Нарсоу Салаҟаиа, ари Аилак алахәцәа Герман Каҷараа, Наур Нарманиа, Жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи аимадарақәеи аџьынџьуаа аҽрымадарази аилак ахантәаҩы Алхас Барцыц Аилак алахәҩы Алиса Гәлариа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҵареи, аҭҵаарадырреи, абызшәатә политикеи, адини, АИХ русқәеи рзы аилак ахантәаҩы Инар Саӡба, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи рзы аилак ахантәаҩы Рашида Аиба, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аграртә политикеи, аԥсабаратә лшарақәеи аекологиеи рзы аилак ахантәаҩы Ҭемыр Беиа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак алахәцәа Адгәыр Ҳаразиеи Асҭамыр Гьерхелиеи.

Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара аделегациа аилазаараҟны иҟан:

Аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы Апарламенттә Еизара Акомиссиа ахантәаҩы Артиом Туров, Акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Сергеи Клишевич, апарламенттә Комиссиа алахәцәа Дмитри Басков, Ольга Петрашова, Антон Ткачиов, Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара Аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Стрельченко, Аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩцәа Вадим Иванеци Дмитри Гоборов, Апарламенттә Еизара Амаӡаныҟәгарҭа аусбарҭақәа реиҳабацәа Дмитри Гриазнови Андреии Шахорскии, иара убас амаӡныҟәгарҭа егьырҭ аусзуҩцәа.

Аиҧылара аартуа, Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, ҷыдала, иҳәеит:

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала бзиала шәаабеит, ҳәа шәасҳәар сҭахуп, ҳаҭыр зқәу асасцәа!

Ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара ахаҭарнакцәеи ҳареи ҳабжьара аимадарақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ҳтәыла аҭаара ахьаҧшьыжәгаз, аиԥылара Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны амҩаҧгара ахьышәҭаххаз.

Ҳазҭоу ашықәс азы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны имҩаԥысит изаамҭанытәиу апарламенттә алхрақәа, мшаԥымза алагамҭазы апарламенттә ааԥхьара аусура хацнаркит. Ҳпарламент аҟны ишьақәыргылоуп апарламенттә еилакқәа жәба. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп Бебиа Винори Иаков-иԥа хантәаҩра зиҭо Акультуреи, аҿари, аспорти русқәа рзы аилак.

Ҳаҭыр зқәу аколлегацәа, шәара Аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы Апарламенттә Еизара Акомиссиа хаҭарнакра злазыжәуа ала, иахьа ҳара арҭ ахырхарҭақәа рыла ҳусеицура шымҩаҧысуа атәы ҳалацәажәар ҳалшоит. 

Иара убас иаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп аԥсны-урыстәылатәи апарламетбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ашьақәгылара мҩаҧысуан СССР анхыбгала аахыс, ҳара ҳзы акраҵанакуеит абиҧарақәа еимдо, ааҧхьарак аҟнытә егьи ааҧхьарахь аҳаҭыреиқәҵара, агәреибагара, аиҩызара дуи шьаҭас иаҭаны иаарго аҧснытәи урыстәылатәи адепутатцәа реимадара 

Уажәааигәагьы жьҭаарамза алагамҭазы Виачеслав Виктор-иҧа Володин иҟаиҵаз ааҧхьарала    официалтә визитла Аҳәынҭқарратә Думаҟны аиҧылара ҳаман.

Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизареи ҳареи иҳабжьоу аимадарақәа 2023 шықәса жьҭаарамзазы 15 шықәса рхыҵуеит. 2008 ш. жьҭаарамза 16–17 рзы  Москва имҩаҧысыз Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара XXXIV асессиа аилатәараҟны  ҳ-Парламенти Алада Уаҧстәыла Апарламенти иҟарҵаз ааҧхьара аҭак ҟаҵо, азыӡба рыдыркылеит ҳреспубликақәа рпарламентқәа Аизараҟны есқьынагьтәи анаҧшҩцәа рыстатус рыҭаразы. Ҳара Апарламенттә Еизара анапхгареи адепутатцәеи иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иҳарҭо адгыларазы. Ари ҳара ҳзы аҵак ду амоуп!»

Сергеи Стрельченко ихы иқәкны, Лаша Ашәба ҷыдала иҭабуп ҳәа ахиҳәааит аусеицуреи Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аганхьала адгылара иҟаиҵо азы.

Беларус Ареспублика адепутатцәеи Аԥсны   Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәеи реизыҟазаашьа инамаданы Апарламент Аиҳабы иҳәеит:    «Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа ртәы ҳҳәозар, есқьынгьы оптимизмла ҳазнеиуан, ус иҟан, иагьыҟалоит аҧхьаҟагьы ҳара иаҳзааигәоу аҳәынҭқарра аганахьала. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ари шьақәырҕәҕәоуп  Аԥсны Аҳәынҭқарреи Беларус Ареспубликеи рхаҭарнакцәа рыбжьара аимадарақәа есааира рыӷәӷәахарала. Уи ус шакәу шаҳаҭра азнауеит цәыббрамза 28 рзы имҩаҧысыз Беларус Ахада Александр Лукашенко ҳреспублика раҧхьатәи ивизит.   

Агәра ҳгоит Александр Григори-иԥа Аԥсны иаҭаара ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ганрацәалатәи аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара ишацхраауа».

Аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы Апарламенттә Еизара Акомиссиа ахантәаҩы Артиом Туров иҳәеит аҧсуа голлегацәа аус рыцура арҿиара дара русураҿы хырхарҭа хаданы ишыҟоу.

«Ҳара иаҳбеит Аԥсны атуризм иамоу алшарақәа, иарбантәылазаалак ари иаҵашьыцыртә иҟоуп. Акраҵанакуеит, иахьа аиҭаҵразы иҟоу аԥкрақәа раан Урыстәылеи аԥсни ртәылауаа аԥсны рыԥсы ршьалар рылшоит». Уи иҳәеит Аԥсны ажәлар рзы акрызҵазкуа азҵаарақәа рыӡбараҟны аусеицура ишазхиоу. «Ҳанеидгыла, ҳпозициақәа реиқәырхара ҳалшоит. Аҭоурыхтә иашара, адин ҵасқәа, акультура реиқәырхара – ари ҳаидызкыло ауп. Ҳаидгылар, зегьы ҳариааиуеит, еиҳагьы ҳаҕәҕәахоит», – инаҵшьны иҳәеит иара.

Сергеи Клишевич иацҵаны иҳәеит: «Хықәкыс иҳамоу – иахьа Аԥсны иаҳҧылоз ауаа рҭагылазаашьа бзиа алыршароуп. Ҳаидгыланы ари аҟаҵара ҳалшоит. Беларус атәылауаа аҧсназы иҧхоу агәалашәарақәа рымоуп, еиқәырханы ирымоуп хаҭалатәи аимадарақәа. Аҧсҭазаара ԥхьаҟа ацара ҳацхраалароуп, абзиа аиааира агарц азы».

Лаша Ашәба иазгәеиҭеит аиԥылара анымҩаԥысуа аамҭа шымариам. «Ари ҳаизыҟазаашьақәа ирымоу аҵак ду атәы аҳәоит. Аҧсны Аҳәынҭқарра хьаҳәа-ԥаҳәарада Урыстәылеи Беларуси  ирыдгыло, ҩызара рзызуа ҳәынҭқарроуп. Сгәы иаангоит апарламенттә еимадара ҳтәылақәа рыбжьара аҩаӡарақәа зегьы рыҟны аимадарақәа рырҿиара алнаршоит ҳәа».

Сергеи Стрельченко иҳәеит Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара аколлектив Аҧсны   Жәлар Реизара – Апарламент аус ацура арҕәҕәара ишадгыло, иагьрыдигалеит еиуеиҧшым аидеиақәеи ажәалагалақәеи.

Аиԥылараҟны адепутатцәа алацәажәеит азеиԥш темақәа маҷымкәа. Урҭ атуризм, аинвестициақәа, аҿартә программақәеи, аспорти ирызку апроектқәа рырҿиара иадҳәалоуп, Аҧсны иҟоу аспорттә обиектқәа рхархәаразы алшара, ацифраркратә проектқәа, аинформациатә технологиақәа уҳәа реиԥш уҳәа убас егьырҭгьы.

Хшыҩзышьҭра аҭан аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура закәанҧҵарала аиқәыршәара.

Ольга Петрашова илҳәеит Апарламенттә Еизара Акомиссиа Аԥсны   Жәлар Реизара – Апарламент  Акультуреи, аҿари аспорти русқәа рзы аилак адепутатцәеи аус рыцуразы азеиԥш хырхарҭақәа шыҟоу.     

Аиԥылара аихшьала ҟаҵо, Аԥсны   Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит имҩаԥысыз аиԥылара агәахәара шинаҭаз: «Ас еиԥш иҟоу аформат ҟамлаӡац уажәада. Ари дырга бзиоуп. Ҳара иарбан аԥшьгаразаалак аилкаара ҳазхиоуп. Иҟоуп аҵараиура, атуризм, егьырҭ аусхкқәа рыҟны аусеицуразы алшара». Апарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәа ирымоу аҵакы азгәаҭаны, Лаша Ашәба иҳәеит системала рырҿиара аҭахны ишыҟоу.


Read 377 times - Амҽыша, 06 Абҵара 2022 12:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.