АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Жьҭаара.2022

ТРАДИЦИАЛА ИШЫШЬАҚӘГЫЛАХЬОУ ЕИԤШ ЛЫХНЫ АҚЫҬАН ИМҨАԤЫСУЕИТ ҬАГАЛАНТӘИ АҼАҨРА АНЫҲӘА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан, аҭоурыхтә дәы «Лыхнашҭа» аҿы традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш имҩаԥысуеит ҭагалантәи аҽаҩра аныҳәа.

Ари амш азы «Лыхнашҭа» аҿы еизеит хыԥхьаӡара рацәала ауаажәлар – Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи.

Ари аныҳәа зхы алазырхәыз Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа еизаз зегьы аныҳәа рыдиныҳәалеит.  Уи ажәлар рахь ихы рханы аԥсышәала дрыдныҳәалеит:

«Ажәлар шәхаҵкы! Шәеибабара, шәеиқәшәара еснагь абзиа иазҳәазааит. Лыхнашҭа – Аԥсны аҳ иаҳҭынра ахьыҟаз, аԥсныжәлар ргәы иҵхо азҵаарақәа иахьрылацәажәоз, иахьырыӡбоз ҭыԥуп. Лыхнашҭа шаҳаҭра ауеит Аԥсны имҩаԥысхьо ахҭыс дуқәа.

Ҳахааны, иаҳдыруа ҳаԥсадгьыл азы иҟамлац агәкаршәра. Иахьагьы адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа жәбоит. Еснагь еиԥш иахьагьы иаҳҭахуп аидгылара, аилибакаара.  Ҳәоуеиқәшәарыла, патула, ҳаҭырла ҳанеибаба, уаҵәтәи амш еиҳагьы еиӷьхоит. Ус сара сазхәыцуеит.

Иахьа аныҳәа ҳаиднакылеит, анхацәа шәчеиџьыка шәнапы иқәыргылан асасцәа шәырԥылоит. Иҭажәгало гәырӷьа-чысла инышәхлааит! Ҽаанбзиала!».

Ажәлар аныҳәа рыдиныҳәалеит иара убас Гәдоуҭа араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ҳаҭыр зқәу Аҳәынҭқарра Ахада, еизаз зегьы.  Гәдоуҭа араион Ахадара ахьӡала бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит. Иахьа ҳара ҳаизеит адунеи аҿы еицырдыруа, аҭоурых ду змоу ақыҭа аҿы. Ажәлар рлахьынҵа анырыӡбоз аамҭақәа зегьы рзы уи араҟа, Лыхнашҭа ауп иахьымҩаԥысуаз. Иахьагьы арҭ атрадициақәа рынагӡара иацырҵоит еиҵагылаз Лыхны аҿар.  Ҳыҭыр зқәу ажәлар, Анцәа Ду имчала иахьа иаашәрыхыз, иҭажәгалаз аура зегьы афара-ажәра бзиа аиуо, абзиаразы инышәхуа иҟалааит! Арыцҳара ҟамлааит! Аринахысгьы араҟа абзиарақәа рзы ҳаизалаааит! Зегьы агәабзиареи агәамчи аизҳазыӷьареи шәзеиӷьасшьоит!»

 «Лыхнашта» адәы аҿы гәдоуҭаа, афонҿыцаа, Гәдоуҭа араион  20 қыҭа аҟынтәи анхацәа аныҳәа азы ҷыдала иргылаз амшьамбақьалақәа рҿы еиуеиԥшым, хкы-хкыла еилоу аалыҵ, итрадициатәу аҩнымаҭәеи абзазаратә маҭәахәқәеи рцәыргақәҵақәа еиҿыркааит.

Аџьықәреи, апырпыл ца, аҟабақ, ажь, аҭаҭын, еиуеиԥшым ашәыр ахкқәа, ауҭраҭых, аҩы, ауадка, аџьанџьыхәа, ашәыреилаш, алаҳарҩа, аҵәаршьышьы, аҵәы иахаҵаны ирӡыз ацә ажьы, аҳауа иалоу афҩы хаақәа, уҳәа ари аныҳәа иаҭааз зегьы ргәы архыҭхыҭуан, ргәалаҟазаарагьы шьҭнахуан. Изҭаху зегьы неины аԥсуа чысқәа ргьама абара, иԥхеи-ԥхеиуа аҩҿа зҭоу аҵәца кны Аԥсны аҭынчреи аизҳазыӷьареи ҟаларц азы аныҳәаҿа акреи рылшоит.

Араҟа иара убас ицәыргақәҵоуп аԥсуа жәлар рҟазара ажәытә маҭәарқәеи ажәытәан Аԥсны инхоз аҭаацәа рфотосахьақәеи.

Иарбан ныҳәоу шәаҳәарада, кәашарада имҩаԥысуа? Ҭагалантәи аҽаҩра аныҳәа «Лыхнашта» азы ҷыдала   еиқәыршәоуп аконцерттә программа. Гәдоуҭа араион арҿиаратә коллективқәа аԥсуа шәақәеи акәашарақәеи нарыгӡоит, иара убри ала аныҳәа иаҭааз зегьы ргәалаҟазаара шьҭырхуеит.

Краснодартәи атәылаҿацә инхо Екатерина Аԥсныҟа уажәадагьы даахьеит ҳәа еиҭалҳәеит. Уи лажәақәа рыла, аҽаҩра аныҳәа уажәаԥхьагьы даҭаахьеит. «Сара ҩынтәуп ари шәтәыла ссир саҭаауеижьҭеи. Раԥхьаӡа акәны арахь сааит 2018 шықәсазы. Сҭаацәеи сареи ԥсшьара ҳәа ари ақыҭаҿы ҳаанкылеит, даараӡагьы иаҳгәаԥхеит усҟантәи ҳаҟазаара. Ари аныҳәа даара аинтерес ду аҵоуп, ауаҩы игәалаҟазаара акыр ишьҭнахуеит» - ҳәа илҳәеит лара..


Read 398 times - Аҩаша, 01 Абҵара 2022 12:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.