АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Жьҭаара.2022

ЕЛЬВИРА ҬОДУА АШЬАПЫЛАМПЫЛ АЗЫ АҲӘСА РКОМАНДА «ЦСКА» АИЛАЗААРАҾЫ СУПЕРЛИГА-2022 АҾЫ АРАӠНЫ МЕДАЛ ЛАНАШЬАХЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ельвира Ҭодуа ашьапылампыл азы аҳәса ркоманда «ЦСКА» аилазаара аҿы  Суперлига-2022 аҿы араӡны медал ланашьахеит.

Ахыркәшаратә етап 6-тәи атур аматч аҿы акоманда «ЦСКА» Ростов-на-Дону акоманда асчиот 3:0 ҳәа ириааит. Убас ала уи акоманда иалахәыз атурнир араӡны медалқәа ранашьехеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Асуперлига иачемпионхеит акоманда «Зенит», уи 24 матч рҿы  иаиуит 34 кәаҭала, аҩбатәи аҭыԥ аиуит акоманда «ЦСКА» (31кәаҭала), аџьаз медалқәа  роуит акоманда «Локомотив» алахәылацәа (28 кәаҭала).


Read 294 times - Аҩаша, 01 Абҵара 2022 12:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.