АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Жьҭаара.2022

ОЧАМЧЫРА АРАИОН АҾЫ ИҞАЛАЗ АМҨА-ТРАНСПОРТӘ ХҬЫС АҾЫ ҨЫЏЬА АУАА ҬАХЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа азааигәара, «Ԥсоу-Егры» еимаздо амҩаду аҿы иҟалаз амҩатә машәыртә хҭыс аҿы ҩыџьа ауаа ҭахеит.  

Автомашьына «Ниссан» шаауаз амҩа аҿықәан игылаз аҵла иаахеит. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь ахҭыс шыҟалаз азы адырра ҟалеит 20 сааҭи 18 минуҭи рзы.

Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь иаразнак инеит абылрацәыхьчаратә ҟәшақәа русзуҩцәеи иара убас Очамчыра ақалақь абылрацәыхьчаратә хәҭа ирласы амедицинатә цхыраара аҭара амашьынеи. Аиқәырхаҩцәа раара аламҭалазы автомашьына «Ниссан» амца акхьан. Иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны ҩыџьа ауаа ҭахеит.  Урҭ рыԥсыбаҩ Аҟәа ақалақь Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аԥсышьҭаҵарҭа ахь инагоуп.


Read 351 times - Аҩаша, 01 Абҵара 2022 12:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.