АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Жьҭаара.2022

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АПОЛИТИКАТӘ РЕПРЕССИАҚӘА ИРЫЛАӠЫЗ РБАҞА АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬАРҴЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш.  Шьыжьы инаркны Апарламент аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы игылоу аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа ахь инеины ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Кристина Озгани Владимир Делбеи, арепрессиақәа ирылаӡыз рыуацәеи рҭахцәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аԥсны ХХ ашәышықәса  30 – 40-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз аполитикатә репрессиақаа быжь нызықь ҩык инареиҳаны ирылаӡит. Арепрессиақәа ирықәшәаз рсиа аҿы иҟоуп еиуеиԥшым амилаҭқәа, азанааҭқәа ирыҵанакуа ауаа, урҭ реиҳараҩык 20 – 35 шықәса зхыҵуаз макьаназы иқәыԥшыз ауаа ракәын. 

XV Аԥсуа партконференциа ахь иалхыз Қырҭтәыла Акоммунисттә Партиа Аԥснытәи аобком 51-ҩык алахәылацәа рҟынтәи лаҵарамза,  1937шықәсазы арепрессиақәа ирықәыршәан, анаҩсгьы иреихсны ишьын 39-ҩык ауаа. 1936 шықәсазы иалхыз Аԥсны ЦИК 120-ҩык алахәылацәа рҟынтәи арепрессиақәа ирықәыршәын  78-ҩык.  1937 шықәса инаркны 1942 шықәсанӡа Аԥсны анаукатәии арҿиаратәии аинтеллегенциа ахаҭарнакцәа реиҳараҩык ҭархан.

Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш Аԥсны 2006 шықәса инаркны иазгәарҭоит. Убасҟангьы иаԥҵан Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аполитикатә репрессиақәа иақәыршәаз рреабилитациа азы Акомиссиеи еихьӡылоу  Ассоциациеи.

Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа Аҟәа ақалақь, Апарламент аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы  ишьақәыргылан жьҭаарамза, 2011 шықәса рзы.  Амонумент иалакьакьо адаҷ зкәыршоу ахаҳә ду асахьа амоуп.

«Ари абаҟа арепрессиақәа  зхызгаз зегьы, Аԥсны аҭоурыхи ԥхьаҟатәи аԥеиԥши агәҭынчымра зызнырҵысуа зегьы рзы акыр аҵак ду аманы иҟоуп. Избан акәзар Сталини Бериеи рполитика иахҟьаз арепрессиақәа зықьҩыла ирылаӡыз рнышәынҭрақәа ахьҟоу еилкааӡамкәа иаанханы иҟоуп иахьа уажәраанӡа, ари абаҟа ахьгылоу аҭыԥ аҿы урҭ раҳаҭыри ргәалашәареи рзы ашәҭқәа рышьҭаҵара, ацәашьқәа раркра ҟалоит.   Усҟантәи арепрессиақәа рҿы иҭахеит ҩыџьа санду лашьцәа. Ари аҩыза уаҳа иҟамларц азы ҳара ахаангьы иаҳхамышҭуазароуп усҟан иҟаз ахлымӡаах атәы», –  ҳәа илҳәеит иахьа ари абаҟа ахь иааиз руаӡәы.


Read 363 times - Аҩаша, 01 Абҵара 2022 12:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.