Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаармза 31 рзы иазгәарҭоит Амшын Еиқәа Жәларбжьаратәи Амш. 26 шықәса раԥхьа, жьҭаарамза 31, 1996 шықәса рзы Амшын Еиқәа иаԥну аҳәынҭқаррақәа фба — Болгариа, Румыниа, Ҭырқәтәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Украина рыбжьара — Амшын Еиқәа ареабилитациа иазку ауснагӡатәқәа рзы астратегиатә План рнапаҵыҩра мҩаԥысит. Убасҟангьы ари аекологиатә ныҳәа аԥҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аплан амшынтә ҵакыра ганрацәалатәи аҭҵаара ашьҭахь еиқәыршәан. Аҭҵаарақәа ишаадырԥшыз ала, уи аԥсҭазааралшара аҵыхәтәантәи ҩажәижәаба шықәса ирҿырԥшны уахәаԥшуазар акыр еицәахеит, иарбоу аӡытә ҵакыра ауникалра злоу аԥсабаратә комплексқәа рыиаӡаара азы ашәарҭара ду шьақәгыланы иҟоуп.
Амшын Еиқәа иаҿықәгылоуп Урыстәыла, Украина, Румыниа, Болгариа, Ҭырқәтәыла, Аԥсны, Қырҭтәыла.
Амшын Еиқәа Жәларбжьаратәи Амш ахықәкы хаданы иҟоуп амшын аҿы мҽхакы ҭбаала аԥсыӡкра, аӡы ааглыхратә црыҵқәа алагалара, иара убас аглобалтә ԥхаррахара, уҳәа ирыхҟьаны иаиуа аԥхасҭа азы адыррақәа жәларбжьаратәи ауаажәларратә еилазаара аҟынӡа анагара.
Амшын Еиқәа Жәларбжьаратәи Амш аҽны Амшын Еиқәа апроблемақәеи уи ауникалра злоу аекосистема аиқәырхареи ирызкны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит — уи аконференциақәа, астол гьежьқәа, ацәыргақәҵақәа, еиуеиԥшым авидеорбарақәа роуп.
Абҵарамза 1 азы аекоцентр «Аԥсабара» аҿы, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут иахьаҵанакуа, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь астудентцәеи Аԥсны аҳәынҭқарратә Университет астудентцәеи рзы Амшын Еиқәа ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьа иазкны иаарту аинтерактивтә лекциа мҩаԥгахоит. Иара убас астудентцәа рзы Аекологиа Аинститут иахьаҵанакуа аекскурсиа еиҿкаахоит.