АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Жьҭаара.2022

ҲТӘЫЛА ԤХЬАҞАТӘИ АԤЕИԤШ - ҲАРҴАҨЦӘА РОУП: ААУ АҾЫ АРҴАҨЦӘА РЗАНААҬТӘ ДЫРРА АҨАӠАРА АШЬҬЫХРА АЗЫ АКУРСҚӘА ААТИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы ареспублика абжьаратәи ашколқәа аҭоурыхи ауаажәларрадырреи рырҵаҩцәа рзаҵааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы акурсқәа аатит.

Урҭ рхы аладырхәуеит ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи 40-ҩык инарзынаԥшуа азыӡарҩцәа.  

Акурсқәа ААУ иҟоу апедагогика аспециалистцәеи аквалификациа ашьҭыхра азы Ареспубликатә Центри атәыла аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрреи рыла еиҿкаахеит.

ААУ иҟоу апедагогика аспециалистцәеи аквалификациа ашьҭыхра азы Ареспубликатә Центри адиректор Медеиа Ченгелиа арҵаҩцәа бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит алекциа атематика атәы рзеиҭалҳәеит.

Уи лажәақәа рыла, аҭоурыхи ауаажәларрадырреи рурокқәа рҿы ахықәкы хадақәа ириуоуп – аҵаҩцәа аҭоурыхтә гәалашәареи Аԥсадгьыл ахь абзиабареи рылааӡара ауп.

Азанааҭдырра аҩаӡара ашьҭыхра иазку акурсқәа мҩаԥыслоит латәаралатәи еиԥш латәарадатәи аформат ала.  Ашьақәгылатә сессиа ҩымчыбжь ирылагӡны–абҵарамза 11-нӡа  имҩаԥыслоит.  Имҩԥгахоит – алекциақәа, аиҿцәажәарақәа, атренингқәа.

Иазԥхьагәаҭоуп иара убас  аметодикатә сааҭ амҩаԥгара — онлаин-урокқәеи амастер-классқәеи. Латәарадатәи аформа иазԥхьагәанаҭоуп аихшьаалатә  аттестациатә усумҭа – ареферат аҩра.  Азыӡырҩцәа доусы иалихыз атемақәа руак ала ареферет иҩыр акәхоит. Аихшьаалатә квалификациатә усумҭақәа   рылҵшәақәа рыла акурсқәа ралгара азы аршаҳаҭгақәа рыҭахоит. Алекциақәа арҵаҩцәа ирзаԥхьоит ААУ аҭоурыхтәии азиндырратәи афакультетқәа рырҵаҩцәа.  Ааԥхьара зауз арҵаҩцәа аонлаин-урокқәеи амастер-классқәеи мҩаԥыргалоит. Акурсқәа ирылахәхо зегьы рзы Аԥсны аҭоурыхи ауаажәларрадырреи рзы аҵаратә цхыраагӡатәқәа зҭоу аметодикатә папкақәа рхиахоит.

 

 


Read 473 times - Ашәахьа, 31 Жьҭаара 2022 16:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.