АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Жьҭаара.2022

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ 2023 ШЫҚӘСАЗЫ АԤСНЫ АБИУЏЬЕҬ АШӘАГААҚӘА ШЬАҚӘДЫРӶӘӶӘЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьеҭ азы» азакәан апроект иақәшаҳаҭхеит.  Апроект Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахь ахәаԥшразы идәықәҵахоит. Азакәан апроект адгалара мҩаԥигеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр  Владимир Делба. 

Аԥсны аҳәынҭқарратәии ареспубликатәии абиуџьетқәа ашәагаақәа ԥхынгәымза  28, 2022 шықәса рзы аминистрцәа Реилазаара аҿы ишьақәырӷәӷәаз Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аиндикативтә план ала иалкаахеит.

«биуџьет ахалашәахәытә шьаҭа ахыԥхьаӡалара ашьақәыргылараан 2021 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ анагӡара иаҭаз ахәшьара, изҭоу ашықәс азы асоциал-економикатә ҿиара иззыԥшыз аихшьаалақәеи, иара убас 2022 шықәса, ажьырныҳәамза-цәыббрамза  азы ареспубликатә биуџьеҭ анагӡара аихшьаалақәеи ҳасаб азун», – ҳәа иазгәеиҭеит Владимир Делба.

 

2023 шықәсазы Аԥсны Аҳә́ынҭқарратә биуџьеҭ апараметр хадақәа:

Ахашәалахәқәа –  12 489 657,2 нызықь мааҭ,

Ахарџьқәа рыла аицҵалыҵ– 14 165 530,9нызықь мааҭ, аҳәынҭқарратә биуџьеҭ адифицит – 1 675 873,7 нызықь мааҭ.

2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ иазԥхьагәаҭоу  ахашәалахәытә хәҭа азеиԥш шәагаа 9 622 244,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афинанстә цхыраарагьы уах иналаҵаны:

Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара хықәкыс иҟаҵаны–3 734 689,7нызықь мааҭ;

2023–2025шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазку Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны абиуџьеттә инвестициақәа рымҩаԥгара хықәкыс иҟаҵаны –1 215 000,0 нызықь мааҭ;

2023–2025шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазку Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәаақәа ирҭагӡаны аекономика аусхкқәа рҿы аҳәынҭқарратә цхыраара иазку аусмҩаԥгатәқәа рфинанстәра хықәкыс иҟаҵаны –180 000,0 нызықь мааҭ.

2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ ахарџьтә хәҭа иазԥхьагәаҭоуазеиԥш шәагаа аицҵалыҵ 11 298 118,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ адифицит ашәагаа  1 675 873,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡар ҟалоит.

Абиуџьеҭ адефицит афинанстәра ахыҵхырҭаны иҟоуп Аԥсны Амилаҭтә банк аҟынтәи игоу акредитқәеи, 2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ адефицит афинанстәра азы егьырҭ ахыҵхырҭақәеи.

Ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи аҭыԥантәи абиуџьеҭқәеи аҳәынҭқарратә биуџьетнҭыҵтәи афондқәеи рахь 2023 шықәсазы иҟаҵахо абиуџьеҭбжьаратәи аиагарақәа  1 566 812,2нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ шьақәзыргыло аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахашәалахәы хадақәа рахь иаҵанакуеит: аиҿкаарақәа рҟынтәи ахаҳәалахәы азы ашәахтәқәа (13,4%), ахашәалахәытә шәахтә (16,6%), иназыцҵоу ахәԥса азы ашәахтә (35,5%), акцизқәа (4,8%), аҳазылхратә баџь (8,0 %), иара убас аҳазылхратә еизгақәа  (5,5%) иааизакны 2023 шықәсазы 80,0% аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ашәахтәии ишәахтәыми ахашәалахәқәа шьақәдыргылоит.

2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ ахарџьтә хәҭа наӡоит:

Азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа – 2 674 682,7 нызықь мааҭ.

Амилаҭтә хьчара– 510 000,0 нызықь мааҭ.           

Амилаҭтә шәарҭадареи азинхьчаратә усуреи – 1 924 715,3 нызықь мааҭ.

Амилаҭтә економика – 2 247 929,7нызықь мааҭ.

Иааҳакуршаны иҟоу аԥсабара ахьчара – 23 451,3 нызықь мааҭ.

Аҵарадырра – 569 557,8 нызықь мааҭ.           

Агәабзиарахьчара – 969 124,1      нызықь мааҭ.           

Акультуреи аҟазареи, амассатә информациа ахархәагақәа – 376 908,3 нызықь мааҭ.

Абҩарҵә́ыра, аспорти аҿартә политикеи – 103 076,3 нызықь мааҭ.

Асоциалтә политика – 331 860,9 нызықь мааҭ.

Абиуџьетбжьаратәи аиагарақәа – 1 566 812,2 нызықь мааҭ. 

3 млрд 136 млн  474,7 нызықь мааҭ, мамзаргьы даҽкала иуҳәозар – 2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ ахарџьтә хәҭа азеиԥш шәагаа аҟынтәи 27,8 %. Ауалафахәы ашәара ахь адәықәҵара азԥхьагәаҭоуп.

«Ҳара аԥсабаратә цәырҵрақәа ахылаԥшра аҭареи разԥхьагәаҭареи рзы алшара ҳамам. Уажәы Очамчыра араион аҿы апроблемақәа рацәаны иҟоуп. Иназыцҵоу уахь иналаҵаны, иҭышәынтәалоу ахашәалахәытә хәҭа ҳақәымгәыӷуазар урҭ ӡбашьас ираҳҭозеи? 

Ари еилкаау усуп. Уьас ала аусура еиҿкаатәуп, абиуџьеҭ аҭышәынтәалара алыршахартә еиԥш», -ҳәа 2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ алацәажәара аихшьаалақәа ҟаҵо инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

 


Read 324 times - Ашәахьа, 31 Жьҭаара 2022 14:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.