АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Жьҭаара.2022

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ АДГЬЫЛТӘ ЗҴААРАҚӘА РЗЫ АӠБАМҬАҚӘА РЫДЫРКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы Гәылрыԥшь араион Ахадара Дранда ақыҭан, Леон имҩала иҟоу 11 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл  «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи «арекреациатә зкызаара « змоу адгьыл актегориа ахь аиагареи анаҩс уи Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу илазаара  «БЕЛАН 2018» ахь асанатор-курортә хыбрақәа рыргалара азы аҭара азы иҟанаҵаз ажәалагала иақәшаҳаҭхеит. 

Аминистрцәа Реилазаара Гәылрыԥшь араион Ахадара иҟанаҵаз даҽа жәалагалакгьы иақәшаҳаҭхеит. Уи зызкыз Бабышьра ақыҭан ( Актәи Урчатәи амҩа ала) 2,92 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи  «арекреациатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа ахь аиагареи,  2,08 га рҟынӡа инаӡо адгьыл «аԥшаҳәа иаԥну адгьыл» акатегориа аҟынтәи «азкызаара адгьыл» акатегориа ахь аиагареи, анаҩс уи Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу илазаара «Вудстоун С.А.» ахь асанатор-курортә хыбрақәа рыргалара азы аҭара. 

Иара убас Аҟәа ақалақь Ахадара азин аҭоуп Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу, 0,155 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл асасааирҭатә хыбра аргылара азы  Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Сухум Резиденс» исымшатәи ахархәаразы аҭара.

Атәыла Анапхгара аилатәара аҿы иара убас А.Кәыџба ихьӡ зху акурортологиеи итрадициатәым амедицинеи рзы Анаука-ҭҵааратә Центр Аҟәа ақалақь, Черниавски имҩа аҩны № 18 аҿы иҟоу еихагылакны ийоу азеиԥнхарҭа ахыбра ашәҟәы аныхра азы азин аҭан.


Read 360 times - Ашәахьа, 31 Жьҭаара 2022 14:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.