АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 5:01

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин дырԥылеит Олег Барцыци Константин Кочиеви

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин дырԥылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иабжьагаҩ Константин Кочиеви, урҭ Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы ртәылақәа рделегациақәа напхгара рырҭоит.

Рашәарамза анҵәамҭазы имҩаԥысраны иҟоу изаамҭанытәиу араунд аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәаратә формат змоу амшхәаԥштә актуалтә зҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа еимырдоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрра адаҟьа.

Аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит аԥыжәара змоу Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара аиҿкаара хықәкыс измоу аҽазышәарақәа рымҩаԥгара шаку.

Иазгәаҭоуп Қарҭ, Аҟәеи Цхинвали ирҿагыланы амч ахамырхәаразы зинла ашьаҭа змоу ашәҟәы шышьақәнарӷәӷәар шаку, иара убас ақырҭуа-аԥсуеи ақырҭуа-аахыҵ уаԥстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаақәа рделимитациа, анаҩс рдемаркациа.


Read 59 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.